https://sputnik-abkhazia.info/20251024/1058525020.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Иааиуа ашықәсқәарзы аҳәынҭқарратә программа "Анхарҭа 2026-2028" 80 миллион мааҭ азоужьхоит иҳәеит Асоциалтә еиқәыршәара аминистрра азинтә ҟәша аиҳабы Ромео... 24.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-24T13:01+0300
2025-10-24T13:01+0300
2025-10-24T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/18/1058524854_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_fc1f398d0dba1d3afd98175fbe49a155.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Иааиуа ашықәсқәарзы аҳәынҭқарратә программа "Анхарҭа 2026-2028" 80 миллион мааҭ азоужьхоит иҳәеит Асоциалтә еиқәыршәара аминистрра азинтә ҟәша аиҳабы Ромео Черқьезиа, арадио Sputnik аинтервиу анаиҭоз .Уи иазгәеиҭеит 2025 шықәсазы апрограмма анагӡара 60 миллион мааҭ шазоужьыз, ишеизҳауа ацхыраара амҽхакгьы. Убас иаагозар азыҳәа ҟазҵаз рахьынтә акомиссиа иалнаԥшааз ироуеит 1,2 миллион мааҭ иреиҵамкәа, уи инацҵаны аҭаацәара ахаҭарнакцәа рыцыԥхьаӡа рзы шәкы-шәк нызқь мааҭ, аха иааизакны 1,7 миллион мааҭ иреиҳамкәа.
Афымцацәаҳәа "Мықә" аиҭарҿыцра мызкы иалагӡаны ихыркәшахоит.Ацәаҳәа Очамчыра араион ауааԥсыра фымцамчла еиқәнаршәоит. Аусурақәа ирылагеит жьҭаарамза 15 рзы амашәырқәа рхыԥхьаӡара армаҷреи, афымцамч ахаҭабзиара аиӷьтәреи, астанциа маҷқәа "Мықәи" "Кәачареи" рҵаҟатәи русура аҭышәныртәалареи рзы ҳәа аанацҳауеит Аенергетика аминистрра.
Аҟәа ақалақь аҿы Алиса Гыцԥҳа еиҿылкааз аԥшьбатәи Жәларбжьаратәи аицлабра-лабораториа аихшьаалақәа ҟарҵеит.Апианист Александр Широков гран-при игеит."Аоператә шәаҳәара" аноминациаҿы актәи аҩбатәи ахԥатәи аҭықәа ааныркылеит ҩыџьа – ҩыџьа "Акамертә шәаҳәара" аноминациаҿы актәи, аҩбатәи, ахԥатәи аҳамҭақәа ранашьан араҟагьы ҩыџьа- ҩыџьа "Аккомпанемент аҟазара" аноминациаҿы актәи аҳамҭа азы далкаахеит аӡәы , аҩбатәи ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит 4 ҩык –
Артистцәа ҿарацәа рзы жәларбжьаратәи аицлабра еиҿызкааз Алиса Гыцԥҳа адунеи атәылақәа жәпакы рҿы аԥсуа ҟазара ацҳаражәҳәаҩс дҟалеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц.Уи иазгәеиҭеит амч ԥшқа анырра лассы-лассы аполитикцәа реихьӡарақәа раасҭа ишеиҳау."Сара агәра згоит ари аицлабра Аԥсни, Урыстәылеи, егьырҭ атәылақәеи рыбжьара еиҳагьы иӷәӷәоу, хара инеиуа цҳаны ишыҟалаз", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Барцыц.
Иааиуа ашықәсқәарзы аҳәынҭқарратә программа "Анхарҭа 2026-2028" 80 миллион мааҭ азоужьхоит иҳәеит Асоциалтә еиқәыршәара аминистрра азинтә ҟәша аиҳабы Ромео Черқьезиа, арадио Sputnik аинтервиу анаиҭоз .Уи иазгәеиҭеит 2025 шықәсазы апрограмма анагӡара 60 миллион мааҭ шазоужьыз, ишеизҳауа ацхыраара амҽхакгьы. Убас иаагозар азыҳәа ҟазҵаз рахьынтә акомиссиа иалнаԥшааз ироуеит 1,2 миллион мааҭ иреиҵамкәа, уи инацҵаны аҭаацәара ахаҭарнакцәа рыцыԥхьаӡа рзы шәкы-шәк нызқь мааҭ, аха иааизакны 1,7 миллион мааҭ иреиҳамкәа.Афымцацәаҳәа "Мықә" аиҭарҿыцра мызкы иалагӡаны ихыркәшахоит.Ацәаҳәа Очамчыра араион ауааԥсыра фымцамчла еиқәнаршәоит. Аусурақәа ирылагеит жьҭаарамза 15 рзы амашәырқәа рхыԥхьаӡара армаҷреи, афымцамч ахаҭабзиара аиӷьтәреи, астанциа маҷқәа "Мықәи" "Кәачареи" рҵаҟатәи русура аҭышәныртәалареи рзы ҳәа аанацҳауеит Аенергетика аминистрра.Аҟәа ақалақь аҿы Алиса Гыцԥҳа еиҿылкааз аԥшьбатәи Жәларбжьаратәи аицлабра-лабораториа аихшьаалақәа ҟарҵеит.Апианист Александр Широков гран-при игеит."Аоператә шәаҳәара" аноминациаҿы актәи аҩбатәи ахԥатәи аҭықәа ааныркылеит ҩыџьа – ҩыџьа "Акамертә шәаҳәара" аноминациаҿы актәи, аҩбатәи, ахԥатәи аҳамҭақәа ранашьан араҟагьы ҩыџьа- ҩыџьа "Аккомпанемент аҟазара" аноминациаҿы актәи аҳамҭа азы далкаахеит аӡәы , аҩбатәи ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит 4 ҩык – Артистцәа ҿарацәа рзы жәларбжьаратәи аицлабра еиҿызкааз Алиса Гыцԥҳа адунеи атәылақәа жәпакы рҿы аԥсуа ҟазара ацҳаражәҳәаҩс дҟалеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц.Уи иазгәеиҭеит амч ԥшқа анырра лассы-лассы аполитикцәа реихьӡарақәа раасҭа ишеиҳау."Сара агәра згоит ари аицлабра Аԥсни, Урыстәылеи, егьырҭ атәылақәеи рыбжьара еиҳагьы иӷәӷәоу, хара инеиуа цҳаны ишыҟалаз", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Барцыц.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/18/1058524854_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_8947ed24a8978bd38cbd3947f192f9d0.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио