https://sputnik-abkhazia.info/20251024/1058526156.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Приднестровиеи ромбудсменцәа ауаҩы изинқәа рыхьчаразы ақәԥара еиҳа ирцәыцәгьоуп ҳәа азгәалҭеит Урыстәыла ауаҩы изинқәа рыхьаразы... 24.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-24T13:30+0300
2025-10-24T13:30+0300
2025-10-24T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/18/1058525989_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_ad3708daa084093ce9331734d62645ae.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Приднестровиеи ромбудсменцәа ауаҩы изинқәа рыхьчаразы ақәԥара еиҳа ирцәыцәгьоуп ҳәа азгәалҭеит Урыстәыла ауаҩы изинқәа рыхьаразы азинмчы змоу Татиана Москалькова.Лара иазгәалҭеит урҭ ареспубликақәа рыжәларқәа рхатә ҿиарамҩақәа шылырхыз, аха адунеи атәылақәа реиҳарак уи шазхарымҵо."Ҳара даара акраҵанакуеит ҳәа иҳаԥхьаӡоит дареи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа еиҟараны иҟахарц. Урҭ раамҭа хымԥада иааиуеит", — ҳәа азгәалҭеит Москалькова.
Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Миносиани Красноиарсктәи атәылаҿацә ахада Михаил Котиукови русеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит.Ареспублика ахьӡала аделегациа Урыстәылазегьтәи асасдкыларатә форум ахь инеит жьҭаарамза 21 рзы, ари Красноиарсктәи атәылаҿацә раԥхьаӡатәи рофициалтә ҭаароуп.Аганқәа, иара убас, акультуратә, аҵарадырратә, аспорттә проектқәа ирзааҭылеит. Котиуков атуризм аҟны аусеицуразы акыр зҵазкуа усхкны иаликааит.Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны Миносиани Котиукови Сибратәи афедералтә университет аҿы агастрономиа аинститут иҭалаз аԥснытәи астудентцәагьы ирԥылеит. Иааиуа аԥхынразы 100-ҩык ауаа апрограмма рхы аладырхәырц азԥхьагәаҭоуп.
Никарагуатәи аконкурсант сынтәатәи Алиса Гыцԥҳа ллабораториа-еицлабра далахәын, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра иҟанаҵаз ахаҵгылара иабзоураны ҳәа адырра ҟаиҵеит аминистр Олег Барцыц."Урыстәылатәи ҳҩызцәеи ҳпартниорцәеи рыцхыраарала Никарагуеи Аԥсни рыбжьара аимадарақәа еиҳагьы иӷәӷәахеит ҳҳәар ҳалшоит. Ҳара ҳаиҩызаратә, ҳаиашьаратә еизыҟазаашьақәа еиҳа иҳарҭбаауеит, еиуеиԥшым ахҭысқәа еиҿаҳкаауеит", — иҳәеит Барцыц Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу аҭо.
Апоет, аиҭагаҩ Денис Чачхалиа иавтортә хәылԥазы мҩаԥысит Аҟәа Дырмит Гәлиа илитература-мемориалтә музеи аҿы.Аусмҩаԥгатә Чачхалиа 75 шықәса ихыҵра инақәыршәаны имҩаԥган ҳәа азгәалҭеит амузеи ахаҭарнак Рада Аргәын."Иԥсҭазаара, иҟазара амҩа, ирҿиара анырра азызуз ауаа, лымкаала иаб иҭоурых далацәажәеит. Иара убасгьы иажәеинраалақәеи иеиҭагақәеи дрыԥхьеит", — ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара.
Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Приднестровиеи ромбудсменцәа ауаҩы изинқәа рыхьчаразы ақәԥара еиҳа ирцәыцәгьоуп ҳәа азгәалҭеит Урыстәыла ауаҩы изинқәа рыхьаразы азинмчы змоу Татиана Москалькова.Лара иазгәалҭеит урҭ ареспубликақәа рыжәларқәа рхатә ҿиарамҩақәа шылырхыз, аха адунеи атәылақәа реиҳарак уи шазхарымҵо."Ҳара даара акраҵанакуеит ҳәа иҳаԥхьаӡоит дареи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа еиҟараны иҟахарц. Урҭ раамҭа хымԥада иааиуеит", — ҳәа азгәалҭеит Москалькова. Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Миносиани Красноиарсктәи атәылаҿацә ахада Михаил Котиукови русеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит.Ареспублика ахьӡала аделегациа Урыстәылазегьтәи асасдкыларатә форум ахь инеит жьҭаарамза 21 рзы, ари Красноиарсктәи атәылаҿацә раԥхьаӡатәи рофициалтә ҭаароуп.Аганқәа, иара убас, акультуратә, аҵарадырратә, аспорттә проектқәа ирзааҭылеит. Котиуков атуризм аҟны аусеицуразы акыр зҵазкуа усхкны иаликааит.Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны Миносиани Котиукови Сибратәи афедералтә университет аҿы агастрономиа аинститут иҭалаз аԥснытәи астудентцәагьы ирԥылеит. Иааиуа аԥхынразы 100-ҩык ауаа апрограмма рхы аладырхәырц азԥхьагәаҭоуп. Никарагуатәи аконкурсант сынтәатәи Алиса Гыцԥҳа ллабораториа-еицлабра далахәын, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра иҟанаҵаз ахаҵгылара иабзоураны ҳәа адырра ҟаиҵеит аминистр Олег Барцыц."Урыстәылатәи ҳҩызцәеи ҳпартниорцәеи рыцхыраарала Никарагуеи Аԥсни рыбжьара аимадарақәа еиҳагьы иӷәӷәахеит ҳҳәар ҳалшоит. Ҳара ҳаиҩызаратә, ҳаиашьаратә еизыҟазаашьақәа еиҳа иҳарҭбаауеит, еиуеиԥшым ахҭысқәа еиҿаҳкаауеит", — иҳәеит Барцыц Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу аҭо. Апоет, аиҭагаҩ Денис Чачхалиа иавтортә хәылԥазы мҩаԥысит Аҟәа Дырмит Гәлиа илитература-мемориалтә музеи аҿы.Аусмҩаԥгатә Чачхалиа 75 шықәса ихыҵра инақәыршәаны имҩаԥган ҳәа азгәалҭеит амузеи ахаҭарнак Рада Аргәын."Иԥсҭазаара, иҟазара амҩа, ирҿиара анырра азызуз ауаа, лымкаала иаб иҭоурых далацәажәеит. Иара убасгьы иажәеинраалақәеи иеиҭагақәеи дрыԥхьеит", — ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/18/1058525989_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_e23c0ac15f75052a1839f5f6bad80c4d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио