Ашәҟыҩҩы Кәыҵниа: иҭыжьым сҩымҭақәа ркьыԥхьра сазгәыкуеит

© Sputnik Амра АмичбаРауль Ҳаџьымба замш иира ыҟоу ашәҟәыҩҩы Никәала Кәыҵниа дидыикылеит
Рауль Ҳаџьымба замш иира ыҟоу ашәҟәыҩҩы Никәала Кәыҵниа дидыикылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иусбарҭаҿы Рауль Ҳаџьымба замш иира ыҟоу ашәҟәыҩҩы Никәала Кәыҵниа дидыикылеит.

АҞӘА, хәажәкыра 13 — Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Ашәҟәыҩҩы Никәала Кәыҵниа аиԥылараҿы ишиҳәаз ала, 10-томк ирынӡало аҩымҭақәа имоуп, насыԥ змоу иакәны ихы иԥхьаӡоит урҭ ҭыжьзар. Аиԥылараан ашәҟәыҩҩы Рауль Ҳаџьымба изеиҭеиҳәеит игәы иҵхо атәы. 

"Сҩымҭақәа иҭсыжьхьоу шаҟа ыҟоу рдыруеит, убарҭ раҟара ҭыжьымкәа исымоуп. Сҩымҭақәа са сшыҟоу исызҭыжьыр, насыԥын сара сзы, — иҳәеит Никуала Кәыҵниа. — Ашьҭыхра цәгьоуп схала сзы. Урҭ зегьы еизакны иаҭаху аҭыжьра рацәазар акәхап. Сықәра шыҟоугьы аҩра саҟәымҵыц. Шамахамзар есыҽны акы садтәалоуп".

Аԥсны ахада излаилшо ала ацхыраара дақәиргәыӷит.   

"Алитератураҿы, аԥсуа ҭоурых аҿы шәлагала дууп. Агәра згоит шәаԥхьа ишышьҭоу аус дууқәа. Еснагь ажәлар рыдгылара иаашәырԥшуа, шәаԥхьаҟагьы ишәԥылоит. Ибзиаӡаны ирдыруеит ҳауаажәлар шәырҿиамҭақәа, шәеиҭагамҭақәа. Ажурнал "Алашара" шәызхагылаз аредакциа усҟантәи аамҭазы, асовет мчра аныҟаз имариамызт, уажәа уҳәартә еиԥш аҭагылазаашьа аныҟамыз, шәара аӷьараҳәа шәықәгыланы шәцәажәон. Иахьагьы шәгәы ззыбылуа аусқәа рзыҳәан акы шәацәымшәаӡакәа ишәҳәоит иаартны зегьы", — азгәеиҭеит Аԥсны ахада. 

Аԥсны ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа иҳәеит, Никәала Кәыҵниа иԥсҭазаара зегьы иуаажәлари ирҿиареи ишразку. 

"Даҽаӡәы убас аџьабаа збахьоу аӡәык-ҩыџьак роуп иҳамоу, — иҳәеит Занҭариа. – Ирҿиара иԥсҭазаара зегьы азкуп – ипоезиа, ипроза, ипублицистика, аиҭагамҭақәа".

Ашәҟәыҩҩы иҳәеит Аԥсны ахада иҟынтә ааԥхьара дшазыԥшымыз. 

"Сазыԥшӡамызт ара ааира, избанзар сықәра сынтәа ииубилеим, ихыркәшароу мшиирам. Сахьаашәыԥхьаз идуӡӡаны иҭабуп. Сызгәалашәо аӡә дыҟазаап аасгәыхәит", — иҳәеит Никәала Кәыҵниа дааԥышәарччаны. 

Аԥсны ахада ашәҟәыҩҩы ҳамҭас ииҭеит асааҭ.  

"Ари аамҭа снарбаларцу мамзаргьы заҟа сзаанхаз сбарцу", — ҳәа дыхәмарны иҳәеит Никәала Кәыҵниа аҳамҭа идкыло. 

Никәала Кәыҵниа диит март 13 1938 шықәса рзы Очамчыра араион Аҭара ақыҭа. Дравторуп 10 томк аҩымҭақәа: ажәеинраалақәа, ажәабжьқәа, аповестқәа, ароманқәа. 20 шықәса аус иуан ажурнал "Алашара" редактор хадас, иара убас Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла дахантәаҩын. 

Ажәабжьқәа зегьы
0