Рауль Ҳаџьымба ашәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа аорден "Ахьӡ-Аԥша" ианеишьеит

Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Алықьса Гогәуа иахьа 85 шықәса ихыҵит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа "Ахьӡ-Аԥша" аорден актәи аҩаӡара ианеишьеит уи имш иира аҽны.

"Алықьса Ноча-иԥа, даара гәахәарыла иҳадҳкылеит иахьатәи амш. 85 шықәса иагьмаҷым иагьырацәам. Ҳаԥсуа милаҭ рҿы ианакәызаалакгьы ирҳәон ари ашықәс иҭагылоу иуаҩыбжара дҭысит ҳәа", — иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Аԥсны Ахада иазгәеиҭеит ашәҟәыҩҩы иажәа еснагь ихшыҩырҵаганы ишыҟоу аҳәынҭқарра аргылара аус аҿы.

"Иахьа, шәарҭ шәызнысыз амҩа аԥсуа милаҭ рҿы сгәы иаанагом иззымдыруа аӡә дыҟоуп ҳәа. Аԥсуаа амилаҭтә қәԥараҿы ирхыргаз шәара агәҭа шәалагылан. Асовет ҳәынҭқарра ахыбгалара аамҭахь ианнеиуаз, убысҟантәи аҭагылазаашьа аҟны шәара зегь раԥхьа аԥсуа милаҭ шәраԥхьагыланы, Владислав шәивагыланы шәызҿыз аусқәа зегьы ҳажәлар ибзиаӡаны ирдыруеит", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Инарҭбааны ажәабжь шәаԥхьар ҟалоит абра

Алықьса Гогәуа иҳәеит Аҳәынҭқарраҿы иреиҳау аорден ахьианаршьаз азы ахадара иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0