Барцыц: аҳауагәаҭаратә станциақәа ашьхақәа рҿгьы иаарттәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЛевард Барцыц.
Левард Барцыц. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аметеорологцәа рымш азгәарҭоит хәажәкыра 23 рзы, ари арыцхә инадҳәаланы арадио Sputnik астудиаҿы дсасны даҭан Аҳәынҭқарратә ҳауагәаҭаратә усбарҭа аиҳабы Леуард Барцыц.

АҞӘА, хәажәкыра 23 — Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аԥсабара убысҟак аҽеиҭнакит, аҳауа зеиԥшрахо аҳәара уадаҩхеит. Абри атәы иҳәеит Леуард Барцыц арадио Sputnik астудиаҿы. 

"Ҳара ҳзышьцылаз аҳауа еиҭарсра, ҳзышьцылаз аԥсабара аҿиашьа иҟази уажәи ҳанахәаԥшуа даара иуадаҩут ашьақәыргылара", — иҳәеит Барцыц.

Аметеоролог иажәақәа рыла, аамҭак азы хыкәкыс иҟарҵеит ажәлар рҿы азгәаҭақәа иҟаз рыҭҵаара. 

"Убри аус шԥауаз, иҟалома иахьазы ахархәара. Иаҳҳәап, аҵыс аама, амахә ҵысыма, абӷьы каԥсама. Абарҭ азгәаҭарақәа зегьы анеиҿаҳарԥшы акырӡа иацәыхарахо иалагеит аԥсабара аҿиараҿы иҟоу аҳауеи дареи", — иҳәеит аметеоролог.  

Левард Барцыц иџьашьахәу ак акәны иԥхьаӡоит адгьыл аҿы иҟоу аиҭакрақәа. 

"Аԥсабара аҽеиҭнакуеит. Амш аԥеиԥш шыҟало ишьақәҳаргылар иара адунеигьы аԥеиԥш шьақәҳаргылоит ҳәа убри аҩыза агәаанагара рымоуп аҵарауаа, — иҳәеит Барцыц. — Аԥсны аҳауа иџьашьахәу лабораториоуп уҳәар алшоит. Араҟа иҟаӡам азауад дуқәа, аԥсабара ҭышәынтәаланы, иҭынчны иҟоуп. Иааҳакәыршаны шьхоуп. Ԥсоу аганахьалагьы акырӡа ашьхақәа амшын иазлыбаауеит, Мрагыларахь алагьы аҩада ашьхақәа ҳаракуп, арахь амшын ҳаԥнуп – даара иџьашьахәу дгьыл-ҭыԥуп". 

Эльбрус ашьха. - Sputnik Аҧсны
Барцыц: ашьхатә маршрут ҿыц атуризм аҿиара иацхраауеит

Аԥсуа метеоролог иажәақәа рыла, иҟоуп даҽа ганкгьы – аҳауа аҭагылазаашьа ауаа ишырныԥшуа азхәыцра. 

"Ақәа леиуазар ауаҩы еиҳа игәалаҟазаара ԥсыҽхар ҟалоит. Амра каҷҷа ианыԥхо ауаҩы игәалаҟазаара ҟанаҵоит. Иҭбааны ҳахәаԥшуазар, Аԥсны иҭҵааны аҳауеи, ауаҩи, аԥсабареи реизыҟазаашьа ҳанахәаԥшуа ҳтәыла даара иазыманшәалоу ҭыԥуп наџьнатә аахысгьы", — иҳәеит Барцыц. 

Аԥсны аҳауагәаҭаратә маҵзура аҿиара далацәажәо Леуард игәы иаланы иҳәеит игәыгәҭажьны ишыҟоу, иахәҭоу амаругақәа рыла ишеибыҭам. 

"Аибашьра ҟалаанӡа жәибжь станциа аус руан, уажәы ҩба роуп иҟоу. Агәыӷра ҳамоуп, еибаҳҭеит, даҽа хә-станциак аусура иалагоит ҳәа. Урыстәала Гидрометеоцентр ҳәа иҟоу убарҭи ҳареи ҳаимадара иабзоураны убри аиҿкаара ҳалагеит", — иҳәеит аметеоролог. 

Левард Барцыц иахәҭоу акы акәны далацәажәеит аҳауагәаҭаратә станциақәа ашьхақәа рҿы аартра, избанзар ирацәаҩхеит аԥсшьаҩцәа уахь ихало ԥсшьара.

Ажәабжьқәа зегьы
0