Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Фиодор Ҭарба: зегь раԥхьаӡа иргыланы абаҳча рыцқьатәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ақыҭанхамҩа аҭҵааратә институт аиҳабы иҳаҭыԥуаҩ Фиодор Ҭарба
Аԥсны ақыҭанхамҩа аҭҵааратә институт аиҳабы иҳаҭыԥуаҩ Фиодор Ҭарба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ааԥын аамҭазы ақыҭанхамҩатә ус шԥашьакәыргылатәу, раԥхьа излагатәу иарбан усу, абарҭи егьырҭ ҳазҵаарақәеи рҭак ҟаиҭоит Аԥсны ақыҭанхамҩа аҭҵааратә институт аиҳабы иҳаҭыԥуаҩ Фиодор Ҭарба.

Иарбан ҳәынтқарразаалакгьы уи аекономика аҿиараҿы ихымԥадатәиу усуп ақыҭанхамҩа. Уи аалыҵ ауп ашықәсан ауаҩы акриҿазҵо аџьармыкьа зырбеио.

"Ииашоуп, иааит ааԥынра, абаҳчақәа аҷҷаҳәа ашәҭара иалагоит, макьаана ашәҭра аҿы имнеиӡацт аха, абыржәы ауп ацхыраара анаҭаху. Зегь раԥхьаӡа иҟаҵатәу абаҳча змоу рзы, имаҷума идуума — ирыцқьатәуп, аҵа цқьаӡа иҟазароуп", — ҳәа иҳәеит Фиодор Ҭарба.

Аԥсны ақыҭанхамҩа аҭҵааратә институт аиҳабы иҳаҭыԥуаҩ Фиодор Ҭарба ақыҭанхамҩатә ус шышьақәыргылатәу дазааҭгылоит

Анхаҩы ибаҳча, иуҭра шаҟа иаамҭаны нап адикыло иабзоурахоит уи анаҩс еиныигаларц зылшо аҽаҩра.  

Ажәабжьқәа зегьы
0