Sputnik, Сырма Ашәԥҳа
Ҳажәлар акыр агәаҟрақәа рхыргахьеит. Ҭоурыхла еҩшахаз ҳауаажәлар еснагь аибабара ахыҵхырҭақәа ирышьҭан. 80-тәи ашықәсқәа раан, аиҭанаиааирақәа еиҳа ианыманшәалаха, еиҳа ианеиӷьха аибабарақәагьы ҟало иалагеит.
"Иазгәасҭарц сҭахуп, апсуа интеллегенциа рхаҭарнакцәа Анзор Мықәба аԥхьа днаргыланы, Ҭырқәтәылаҟа аныҟәара иалагеит, ҳаигәныҩра еиҳа аҽарҭбаауа аҿаанахеит. Фениа Аҩӡԥҳаи Гиви Допуеи рхаԥшьгарала, аџьабаа рхы иадҵаны уахьынтәи иааргон, ара аҭаацәара иаларҵон, ирыцхраауан ҳашьцәа, абас ашьаҿақәа ҟаҵан", — ҳәа иҳәеит Ашәба.
Аха, еиҿкаара ҳасабла акагьы ыҟамызт. 90-тәи ашықәсқәа раан, Аԥсны акультура аминистрра аҟны аус иуан министрс, ихаҭыԥуаҩыс дыҟан Арӡынба Виачеслав Виктор-иԥа.
"Иареи сареи иҟақәаз цқьа ҳаарызхәыцын, документла ҩеиҿкаарак еиқәҳаршәеит. Актәи — адемографиатә фонд, аҩбатәи аиҿкаара — "Аԥсадгьыл" захьӡыз. Абарҭ аиҿкаарақәа иахәҭаз аҳәынҭқарратә ҩаӡараҿы инаганы, ашәҟәы иҭагаланы, аизарақәа мҩаԥганы, аусура амҩа иқәызҵаз ҳрыдгылан Виачеслави сареи", — ҳәа игәалаиршәоит Нугзар Ашәба.
Иахьатәи ахеилак иҟоу аԥхьа игылан ҳәа ҳаԥхьаӡар алшоит еиҿкааз адемографиатә гәыԥ. Ражьден Хьыкәба ахадара азиуит, усҟан иара дминистрын. Избанзар, ҳара иаҳҭахын аминистрцәа аҳәынҭқарратә ус знапы алаку, абарҭ реиԥш ауаа напхгара арҭо, иахагыланы, иацхрааны аусура ҳәаақәырҵарц. Ҳәарада, уи дивагылан Гиви Допуа, Фениа аус шылуц илуан, Анзор Мықәба Ҭырқәтәыла дцо-даауа аџьабаа акыр ибахьан. "Аԥсадгьыл" ҳәа еиҿаҳкааз Саид Ҭаркьыл напхгара аиҭон. Абас Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡа, еиҿкаарала аусура иаҿын.
"1990 шықәса рзы раԥхьаӡа акәны ҳцеит Ҭырқәтәыла. Ицаз Уасил Царгәыш напхгара зиҭоз аҳәынтқарратә акәашаратә ансамбль еиднакылоз агәыԥ еиҳабыс саман сара", — иҳәеит Ашәба.
90-ҩык инареиҳаны аделегациа иалахәын. Жәохә мшы Ҭырқәтәыла зегьы иахысны ирбеит. Ҳәарас иаҭахузеи, аибабара еснагь агәыбылра аанагоит. Анаҩс, уи ицәырнагоит аԥхьаҟа иҵегьы еиҿукааша аусқәа. Аха, ус Аԥсны аибашьра иалагеит.
"Ижәдыруеит, хатәгәаԥхарала уахьынтә иааны аҷкәынцәа аибашьра ишалагаз. Владислав Арӡынба зынӡа дызлауаҩ дуӡӡаз, абри аибашьра дуӡӡа ицоз, аамҭа ԥшааны даасыԥхьан ус сеиҳәеит: "Уара иҟоу удыруама, уажәраанӡагьы урҭ аусқәа урҿын, аҳәынҭқарратә ҩаӡара аҟынӡа инаганы, еиҿкаарак ҟаҳҵароуп, уаҳа ԥсыхәа ҳамам", ҳәа. Иааркьаҿны иуҳәозар, абас еиԥш иҟоу ашьаҭа амоуп аилак аира", — ҳә игәалаиршәот Ашәба.
Хәажәкыра 23 1993 шықәса рзы, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ақәҵарала ишьақәырӷәӷәан Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы, еиҳабыс иӡбахә ҳәан Нугзар Ашәба.
"Хәажәкыра 26 рзы ишьақәырӷәӷәан схаҭыԥуаа: Мумҭаз Ашамбеи Нури Гезердааи. Гагра араион арҭ азҵаарақәа хылаԥшра риҭон Оқҭаи Ҷкотуа. Абас, аамҭа кьаҿк иалагӡаны еиҿкаан аҳәынҭқарратә еилакы. Гәдоуҭа аус ахьаҳаушаз ҭыԥк ааҳаԥшаан, аусура ҳалагеит. Аус рыдулара ҳалагеит Ҭырқәтәылантә, Сириантә, Иорданиантә егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟынтә иаауаз ҳџьынџьуаа зегьы", — иҳәеит Ашәба.
Аибашьра анцоз аамҭазы, уеизгьы-уеизгьы адунеи ҳзаамырҳәызаргьы, Аԥсны иаауаз ҳџьынџьуаа иреиуаз иахьынӡалшоз ала адәахьы уаҩ дынмыжькәа рыфароума, рыжәроума, хәрак аӡәы иоума, излаҳалшоз нап рыдкыланы ҳархаҵгылон. Иҳагыз ыҟазаргьы, нас ижәдыруа ауп, усҟан аамҭа цәгьа ҳҭагылан, зегьы рзы иуадаҩын аҭагылазаашьа.
Аамҭақәа рҽырыԥсахуеит. Агәыӷра еснагь аԥсы ҭоуп. Ҳара ҳџьынџьуаа аҳәаанырцә инхо зегьы Аԥсныҟа иаауеит сҳәар уаҩы ихаиҵаӡом, аха ԥыҭҩык заар, уи хымԥада ҳзеигәырӷьо ауп.
Азеижәтәи ашәышықәсазы иҟан аиашамра дуӡӡа, уи риашатәуп. Уи ҟазҵаз ариашара рхахьы ирымгозаргьы, ара инхаз, ирцәынхаз ажәлар ҳамчала, иара иаауа рымчала иҟаҵатәуп абра аҭагылазаашьа убас, згәы иаҭахны Аԥсныҟа сгьежьыроуп, сыԥсадгьыл уи ауп ҳәа изыԥхьаӡо, имаҷзаргьы, идузаргьы иҳалшо ала цхыраарак раҳҭартә еиԥш. Уи азы, аҳәынҭқарратә еилакы аусура хымԥадатәызароуп. Аринахысгьы ибзианы аус аулароуп. Ақәҿиарақәа, аихьӡарақәа амазарц сҭахуп!