ГАГРА, хәажәкыра 26 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аԥсны Жәлар реизара, Апарламент ахь аиҭабжьыҭира мҩаԥысуеит, Гагра араион алхырҭатә ҭыԥ хадақәа хԥа рҟны. Ашьыжь асааҭ быжьба рзы, алхратә ҭыԥ хадақәеи алхратә ҭыԥқәеи ркомиссиақәа аусура иалагеит. Асааҭ ааба рынахыс ирыдыркылеит раԥхьатәи абжьыҭаҩцәа.
Ажәбатәи алхырҭатә ҭыԥ хада иаҵанакуеит Пицунда ақалақьи Лӡаа ақыҭеи.
"Асааҭ ааба инаркны жәаҩанӡа, ҳалхырҭатә ҭыԥқәа рҟны 4 632-ҩык рахьтә рыбжьы рҭихьеит 870-ҩык алхыҩцәа. Ҳалхырҭатә ҭыԥ хадаҟны ркандидатурақәа ықәгылоуп Дауҭ Хәытабеи Беслан Смыри. Дара рыҩџьегьы рахьтә еиҳа зыуаажәлар рыгәрагара иаԥсахо, изеиӷьаҳшьоит инапы злаикуа аус аҟны ақәҿиарақәеи аманшәалареи", — лҳәеит 9-тәи алхратә ҭыԥ хада акомиссиа ахантәаҩы Ирма Чамагәуаԥҳа.
Ажәаҩатәи алхырҭатә ҭыԥ хада иаҵанакуеит Гагра ақалақьи Багрыԥсҭа ақыҭеи, абжьыҭира мҩаԥысуеит алхратә ҭыԥқәа хәба рҟны, акандидатцәа Асҭамыр Қьецбеи Александр Ҵышәбеи рзы.
"Асааҭ жәаҩанӡа ҳалхырҭатә ҭыԥ хадаҟны зынӡа рыбжьы рҭихьеит сиала иарбоу 7 210-ҩык алхыҩцәа рахьтә 1 241-ҩык. Макьаназы, алхрақәа еилагарада имҩаԥысуеит. Анаԥшыҩцәа рҟнытә агәынамӡарақәа ари аамҭазы иҟаӡам", — инаҵишьит, 12-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада акомиссиа ахантәаҩы Даур Шамба.
Ажәахатәи алхратә ҭыԥ хада иаҵанакуеит Цандрыԥшь аҳаблеи, иаԥну ақыҭақәеи, зынӡа алхыҩцәа рыбжьы рҭиуеит алхратә ҭыԥқәа жәаха рҟны.
"13-тәи алхырҭатә ҭыԥ хадаҟны алхыҩцәа рыбжьы рҭиуеит акандидатцәа Галуст Трапизониани Левон Дашьиани рзы. Асааҭ жәаҩанӡа алхыҩцәа рааира бзиоуп, 5 447-ҩык рахьтә рыбжьы рҭихьеит 1 076-ҩык", — ҳәа ҳаилиркааит, 13-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада акомиссиа ахантәаҩы Даур Чычба.