Арежиссиор: иахьатәи атеатр ахәаԥшҩы даара дуадаҩуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны зҽаԥсазтәыз артист, аурыс драматә театр актиор, арежиссиор Џьамбул Жорданиа
Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, аурыс драматә театр актиор, арежиссиор Џьамбул Жорданиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, аурыс драматә театр актиор, арежиссиор Џьамбул Жорданиа арадио Sputnik аҟны дазааҭгылеит атеатр ахь дшымҩахыҵызи, иахьатәи атеатр ахәаԥшҩы дзеиԥшроуи ртәы.

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа

- Џьамбул, актиор мамзаргьы арежиссиор иаҳасабала аку атеатр аҟны аусура шәалагаз? 

Апресс-конференциа иалахәын Иракли Хынҭәба, Андреи Тимошенко, Џьамбул Жорданиа - Sputnik Аҧсны
36-тәи атеатралтә сезон аҿазыҟаҵарақәа хыркәшахоит

— Сара амузыка акәын еиҳа сзызгагаз. Аԥсны аџьынџьтәылатәи еибашьра ашьҭахь аучилишьче саналга ашьҭахь иаатит аурыс театр аҟны астудиа, арежиссиор Мираб Ҷыҭанаа ибзоураны. Еиҳабысгьы, рҵаҩысгьы иҳамаз иара иакәын. Хәы-шықәса аҵарагьы сҵон аусгьы зуан, ус акәын апроцесс шеиҿкааз. Иазгәаҭатәуп, Урыстәылатәи ВГИКИ ГИТИСи рыпрограммала аҵара шеиҿкааз, Мираб ихата Шьукин ихьӡ зхыз аҵараиурҭаҟны арежиссура аҟәша аҟны аҵара иҵон. Иара адипломтә спектакльс имаз "Тартиуф" акәын. Ари ақәыргыламҭа иахьа уажәраанӡа аԥсы ҭоуп, еиҭашьақәыргыланы арепертуар иалагалоуп. Ари аспектакль алоуп сара сактиортә амҩа сшықәлаз. Актиорра, атеатр уамак сазҿлымҳаны сыҟамызт, атеатр ахь сцоит ҳәагьы ахаан сгәы иҭамызт. Избанзар, ашкол аҟны сгәы ԥҵәахьан.

- Иарбан хҭысу нас атеатрахь шәхьазарԥшыз?

— Амузыкатә ансамбль "Аихауардын" ҳәа иҳамаз аҟны сҩызцәа Артур Калаиџьиани Владимир Уракови ҳаицын, аҵара ҳаицалгеит. Астудиа анаат "уаала уҳацца" ҳәа иансыдыргала, сара исҭахымызт ацара, аха "мамо, ҵарак ҳҵоит" рҳәан убыс сымҩахыргеит. Мираби сареи акыр шықәса ҵуан ҳаибадыруеижьҭеи. Аибашьра ашьҭахь ақьачақьцәа ргәыԥ еиҿкааны иҳаман, ирацәангьы ҳақәгылахьан. "Коми-группа-шашлык"  ҳәа ишәаҳахьацзар, убри агәыԥ инаркны актиор иаҳасабала сырдыруа иалагеит, аха уи сацәыхаран уеизгьы. Убас аҷкәынцәа сымҩахырган, ус саанхеит. 

Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, аурыс драматә театр актиор, арежиссиор Џьамбул Жорданиа арадио Sputnik иеиҭаз аинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

- Атеатр анҭыҵгьы, еиуеиԥшым алахҿыхра зцу апроектқәа шәрылахәуп арежиссиор иаҳасабала. Иарбан спектакльу шәара хаҭала иқәшәыргылахьоу?

— Мираб Ҷыҭанаа данҳаԥха 2000 шықәсазы, атеатра аҟны режиссиорда ҳақәхеит. Ус ҳара ҳара еибаҳҳәеит режиссиорк иаҳасабала ҳҳы ԥаҳшәап иҟало ҳбап ҳәа. Ус ҳаӡбеит, избанзар усҟан аркреи-аимпрреи рыгәҭа ҳабжьагылан. Избанзар, режиссиорда атеатр зыҟалаӡом, уи актиор даамҭанакыр акык-ҩбак ҟаиҵап, аха уи ахаҭабзиара лаҟәхоит. Изхысҳәаауа, усҟан сара исыдырҵеит уара иҟаҵа ҳәа. 2003 шықәсазы иқәсыргылеит Горин ипиеса хәыҷык "Пои ласточка, пои" ала. Убри нахыс ҳколлектив сыгәра рго иалагеит. Ус иқәсыргылеит ахәыҷқәа рзы аспектакль, даара ирацәаҩны ахәыҷқәагьы идҳарбахьан. Уи ашьҭахь Пушкин иҩымҭала "У беднои мрачнои на краиу" ҳәа ԥшь-трагедиа хәыҷқәак рыла 2004 шықәсазы. 

Апроект Атеатри аԥсҭазаареи иациҵоит артист арежиссиор-ақәыргылаҩ Џьамбул Жорданиа - Sputnik Аҧсны
Апроект "Атеатри аԥсҭазаареи" иациҵоит артист арежиссиор-ақәыргылаҩ Џьамбул Жорданиа

- Шәзанааҭ аҿы еиҳа иуадаҩуи?

— Сзанааҭ аҟны еиҳа иуадаҩуп, азанааҭ ахы-аҵыхәа адырра. Аха арежиссура аҟны иаҭахуп аԥсҭазааратә ԥышәа. Избан акәзар, аԥышәа умамкәа акгьы зыҟалом. Сара саналагози уажәи аԥсҭазаара даҽакала сахәаԥшуеит, ԥышәада аусура уадаҩуп, ашәҟәы иану мацара акәӡам иҟоу. Гьамада иҟалоит автор иҩыз аарԥшра уламшар. Аҵакы еилкааны нас уара ухәаԥшрала иқәургылоит.

- Шәыԥшәма Анна Гиуригиан аурыс драматә театр дактрисоуп, шәара шәрежиссиоруп, шәусеицура шԥаҟоу?

— Аҩнаҭаҟны иҳамоу ацәажәарақәеи атеатр аҟны ҳусуреи уеизгьы-уеизгьы иҳацхраауаны исымбеит. Иҟоуп иҳацхраауагьы лара дсахьаҭыхҩуп, сара ианықәсыргыло лара асценаграфиаҟны дсыхәоит. Сара иахьа атеатр аҟны акыр сзыҟаҵазар лара лыцхыраара иабзоуроуп.  

- Шәгәаанагарала, иахьатәи ахәаԥшҩы иҭахрақәа арбан, иибарц ииҭахи?

— Иахьатәи атеатр ахәаԥшҩы даара дуадаҩуп, иибарц ииҭаху даараӡа ирацәоуп. Избанзар ателехәаԥшреи аинтернети аҟны ирбо ираҳауа еиҳаны арыҭара уадаҩхеит. Убри аҟынтә ауаа рыҩнуҵҟа ес-ҽны иҟоу аҿыцрақәа ҳацклаԥшуеит.  Атеатр аҟны Иракли Хынҭәба еиҳабыс дҳарҭеижьҭеит атеатр еиҿкааҩыс убысҟак аус иуеит, 24-шықәса ҵуеит атеатр амаҵ азызуижьҭеи сара, ахааназ атеатр аҟны имнеицыз имҩахыҵуа иалагеит. Даара иуадаҩуп, ауаҩы атеатр ахь инагара.

Ажәабжьқәа зегьы
0