Аекономика аминистрра анапаҵаҟантә иҵгоуп аҭаҭын фабрикеи акондитертә фабрикеи

© Sputnik / Томас ТхайцукАминистрцәа Реилазаара
Аминистрцәа Реилазаара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥшьаша, хәажәкыра 30 рзы имҩаԥысит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәара.

АҞӘА, хәажәкыра 30 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аекономика аминистрра иаҵанакуаз аҭаҭын фабрикеи акондитертә фабрикеи Аминистрцәа Реилазаара ақәҵарала аҳәынҭқарратә мазара анапхгараҭареи априватизациеи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы анапаҵаҟахь ииагоуп. Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба иҳәеит, аҳәынҭқарратә мазара анапхгараҭареи априватизациеи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы анапаҵаҟахь ииарго аобиектқәа рхыԥхьаӡара жәаба рҟынӡа ишнеиуа.

"Иҟоуп аҳәынҭеилахәырақәеи ареспубликатә унитартә наплакқәеи зеиҿкаара-зинтә формеи зхырхарҭеи ақьаад аҟны акала иҟоу, аҭагылазаашьала аҽакалы иҟоу. Абрахь иаҵанакуеит аҭаҭын фабрикеи акондитертә фабрикеи. Арҭ аобиектқәа аханатә ишыҟаз еиԥш иахьазы иҟам, иззырхазгьы аус ауӡом. Ҳара иҳаӡбеит дара аҳәынҭқарратә мазара анапхгараҭареи априватизациеи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы анапаҵаҟахь ииагазарц", — иҳәеит Арӡынба.

Арӡынба иазгәеиҭеит асиаҟны ишарбаз тҟәарчалтәи азауадқәа "Заря" "Аргонавт", аха урҭ аамҭала ишыҟац иааныжьуп.

Аилатәараҟны аиҳабыра рлахәыра еицҿакрыла рыбжьы рҭиит анаплакы "Амилаҭ агәабзиара" Тҟәарчал араион аҟны иҟоу арадонтә ӡыхьқәа ахархәаразы аҭаразы.

Аԥыза-министр Беслан Барцыц иҳәеит ари апроект Тҟәарчал араион аҟны асанатортә-курорттә ҽыхәышәтәразы ираԥхьатәины ишыҟоу.

Аминистрцәа реилатәараҟны ирыхәаԥшын 20 инареиҳаны зҵаара.

Ажәабжьқәа зегьы
0