Аминистрцәа Реилазаара акадыртә ӡбрақәа аднакылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукГәыгәыца Џьыкырԥҳа
Гәыгәыца Џьыкырԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥшьаша, хәажәкыра 30 рзы имҩаԥысит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәара.

АҞӘА, хәажәкыра 30 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара ақәҵарала Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра амцарцәаратә маҵзура аиҳабыс дҟаҵоуп Нугзар Емырхәба.

"Нугзар Емырхәба абри амаҵзураҿы аус иуеит 25 шықәса инарзынаԥшуа. Ароуп иахьхациркыз ипрофессионалтә ҟазара. Иара иԥышәа хәарҭара аманы иҟалоит", — иҳәеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа.

Иара убасгьы Аԥсны Аҳәынҭқарра арепатриациазы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс иалхуп Гәыгәыца Џьыкырԥҳаи Ерҟан Қәҭарбеи.

Хаз иго Ақәҵарала Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Ашоҭ Миносиан инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭтәуп Аԥсны Жәлар реизара адепутатс ҳәа иалхра инамаданы.

Ажәабжьқәа зегьы
0