Песков: ашколқәа рҟны ахьиџьаб аныҟәгаразы иаку гәаанагарак ыҟам

© Sputnik / Саид Царнаев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәыла Афедерациа Апрезидент ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков аҳәамҭа ҟаиҵеит ашколқәа рҟны ахьиџьаб аныҟәгара иазку
Урыстәыла Афедерациа Апрезидент ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков аҳәамҭа ҟаиҵеит ашколқәа рҟны ахьиџьаб аныҟәгара иазку - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Афедерациа Апрезидент ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков аҳәамҭа ҟаиҵеит ашколқәа рҟны ахьиџьаб аныҟәгара аҟалареи аҟамлареи рызҵаара афедералтә ӡбара аҭатәу арегионқәа рыҩныҵҟа иӡбатәу иазхәыцтәуп ҳәа.

АҞӘА, хәажәкыра 31 — Sputnik. Урыстәыла Афедерациа Апрезидент ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков аҳәамҭа ҟаиҵеит, ашколқәа рҟны ахьиџьаб аныҟәгара аҟалареи аҟамлареи рызҵаара афедералтә ӡбара аҭатәу арегионқәа рыҩныҵҟа иӡбатәу иазхәыцтәуп ҳәа. Абри аганхь ала Кремль макьаназы иаку гәаанагарак амам, иҳәеит иара апресс-конференциаҟны.

Песков иазгәеиҭеит макьаназы Кремль апозициа алацәажәара заауп ҳәа.

"Ахьиџьабқәа рныҟәгара апроблема еиуеиԥшым атәылақәа рҟны еиуеиԥшымкәа иалацәажәоит. Еиуеиԥшымкәагьы аӡбра арҭоит", — иҳәеит иара.

"Ҳәарада Урыстәыла милаҭрацәала еилоу ҳәынҭқарроуп. Аконфессиақәа зегьы аус руеит. Атәыла ахада иакәзар, изныкымкәа иҳәахьеит иара убри шакәу Урыстәыла амчра азҭогьы. Аха, егьа ус иҟазаргьы Урыстәыла идинтәым ҳәынҭқарроуп. Аконституциаҟынгьы ус иарбоуп", — иҳәеит Песков.

Чечентәыла ашколқәа рҟны азин ҟарҵеит адин инақәыршәаны ацәашәҵатәы ныҟәыргаларц. Уаанӡа Апарламент аҵараз азакәан апроект иаланагалахьан ариашара – ашколқәа рҟны аҵаҩцәа рдини рқьабзи иаҵанакуа ацәашәҵатәы аныҟәгара азин ҟазҵоз.

Иара убри аан иазгәаҭан азакәан апроект "Урыстәылатәи Афедерациаҟны аҵаразы" азакәан ахәҭаҷ 38 иаҿагылом ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0