Венесуела имҩаԥысит аоппозициаа рықәгылара

© REUTERS/Marco BelloВенесуела имҩаԥысит аоппозициаа рықәгылара
Венесуела имҩаԥысит аоппозициаа рықәгылара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәыла амчрақәа аоппозициаа ираҽыԥнырҳәеит аҭагылазаашьа ҵышәшәаауеит ҳәа.

АҞӘА, мшаԥымза 5 – Sputnik. Венесуела аҳҭнықалақь Каракас аҟны имҩаԥысит аоппозициа рҿагыларатә ныҟәара. Аныҟәара аиҿагыларахь икылнагеит, атәыла аоппозициатә Парламент ахада Хулио Борхес иажәақәа рыла ахәрақәа роуит 50-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Аманифестантцәа амилаҭтә Ассамблеиахь рымҩа хан. Урҭ рныҟәара аанкылара рҽазыршәеит азинхьчаратә органқәа. Атәыла амчрақәа аоппозициаа ираҽыԥнырҳәоит аҭагылазаашьа ҵышәшәаауеит ҳәа.

Уаанӡа Америкатәи аҳәынҭқаррақәа реиҿкаара (ААР) алахәыла тәылақәа 35 рҟынтәи 14 Венесуела аполитиказы иҭаку аушьҭны алхрақәа мҩаԥыргарц ажәалагала ҟарҵахьан. Адокумент рнапы аҵарҩит: Аргентина, Бразилиа, Канада, Чили, Колумбиа, Коста-Рика, ЕАШ, Гватемала, Гондурас, Мексика, Панама, Парагваи, Перу, Уругваи.

ААР амаӡаныҟәгаҩ хада Луис Альмагро ААР ахеилак ахь инаишьҭыз ашәҟәы аҟны иарбан Каракас аиҿкаараҿ иаанхарц аҭахызар алхрақәа хымԥада имҩаԥгатәуп ҳәа. Уи адагьы ихымԥадатәиуп ҳәа иара иазиԥхьаӡон аполитиказ иҭаку рхы рақәиҭтәра, иаԥыху азакәанқәа реиҭархынҳәра, амилаҭтә алхратә хеилак ҿыци иреиҳаӡоу аӡбарҭеи реиҭалхра.

Аха, уи ашьҭахь, атәыла апрокурор хада Луис ортега асеиԥш аӡбра конституциатәым ҳәа аҳәамҭа аныҟаиҵа ашьҭахь ари аӡбра аанкылан.

Ажәабжьқәа зегьы
0