Ахш инаркны ашә аҟынӡа: ашәаӡеи ашәхеи "риира"

Анапаҵаҩра
Нанули Кәыҵниа-Кәакәасқьыр хә-жәык лхьоит, ҩажәа литра инеиҳаны ахш лоуеит. Лара ишылҳәо ала, ажәқәа рбара аџьабаа шацугьы, ахшлых уара утәы аныҟоу еиӷьу акгьы ыҟам.

Ажәқәа рбара, унапаҿы аагара уадаҩуп, рыгәшәымшә аҳәашьа уақәымшәар ахш урҭом, лҳәоит лара. Дәрыԥшь ақыҭан ҳахьықәынхо арахә рбара уадаҩуп, ҳәа дахашшаауеит аԥшәмаԥҳәыс.

"Ажәқәа зегьы ирзыхьаӡом, рнапаҿы иааиӡом, унацәкьарақәеи, умахәҿи ӷәӷәазар ауп. Аҳәыс ианыхәаҷу акыкақәа ҩба азынсыжьуеит, еиҳа иандухалак акы. Зханшьалара уадаҩу арахә агәар иҭасаргылом. Иҵыгьо, уведра иҭаԥало иҟоу ажә, уи адкылара аҭахӡам. Ажә ҭынчӡа игыланы иухьозар ауп. Аӡынра ажәгәара иҭакны иҳамоуп. Ус ахкаара ҳәа акгьы ҳамаӡам. Ахш бзианы исырҭарц афатә рыгсыжьӡом. Аҭәеи аԥҳәи еицҵаны ирысҭоит", — ҳәа лҳәоит лара.

Ажә анхьалакгьы, мчыбжьык ахш лыдылкылаӡом, нас ианрымшьшьароу аԥшьашьа аҽны илныҳәоит. Ажәқәа рынцәахәы Жәабран "шәрахәымшхааит" ҳәа дрымҵаныҳәоит. Нас ахш лыдылкылоит, ацыр алҭар илыршыр ҟалоит, амцахь иналгоит, аџьыка алыркуеит. 

Инарҭбаау ажәабжь шәаԥхьар ҟалоит абра

Афотосахьақәа шәрыхәаԥшыр ҟалоит абра

Ажәабжьқәа зегьы
0