Очамчыраа рзы Амшаԥ аныҳәазтәи аҳамҭа

© Пресс-служба НТВВалериа Адлеиаԥҳа аҩбатәи атур аҟны лықәгылара очамчыраа ахәаԥшуан Очамчыратәи Акультура ахан аҟны.
Валериа Адлеиаԥҳа аҩбатәи атур аҟны лықәгылара очамчыраа ахәаԥшуан Очамчыратәи Акультура ахан аҟны. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Валериа Адлеиаԥҳа аҩбатәи атур аҟны лықәгылара очамчыраа ахәаԥшуан Очамчыратәи Акультура ахан аҟны.

Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа.

Валериа Адлеиаԥҳа лықәгылара аламҭалаз лгәабзиара шбааԥсызгьы ахәаԥшцәагьы ажиури алахәылацәагьы еиҭалыршанхеит.

Аманда Қәчбериаԥҳа (Очамчыра): "Сеигәырӷьоит Лера Аԥсны ахьӡала дахьықәгыло. Ҩынтәынгьы сеигәырӷьоит лара Очамчыра дахьатәу. Лера лыбжьы заҳаз зегьы агәра ргоит ԥхьаҟа аԥеиԥш бзиа шылзыԥшу", — лҳәоит лара.

Валериа Адлеиаԥҳаи Алиса Гыцԥҳаи еиԥылеит - Sputnik Аҧсны
Валериа аҳҭынраҿтәи лыԥсшьарамш

Апроект "Ты супер! " асценахь инеиит жәеизаҩык алахәылацәа. Валериа аҵыхәтәантәи лакәны дықәгылон. Валериа лықәгылара иазыԥшын Очамчыратәи Акультура ахан аҟны еизаз зегьы. Ақәгылара ашьҭахьгьы иазыԥштәын далырхуоу-далрымхуоу. Валериа далихит апродиусер Виктор Дробыш.

Изольда Курмазиа (Очамчыра): "Даара сгәы хыҭ-хыҭуан. Сылаӷырӡқәа аауан еишьҭаланы санылзыӡырыҩуаз. Анцәа илаҭәеишьеит абри аҩыза аҟыбаҩ. Амшаԥ аламҭалаз агәырӷьара ду ҳзаалгеит", — лҳәеит лара.

Валериа Адлеиаԥҳа дхәыҷаахыс ашәаҳәара бзиа илбон. Валериа лгәаҳәарақәа иреиҳауп "Евровидение" алахәхара, Аԥсны ахьӡала ақәгылара.

Валериа Адлеиаԥҳа шәыбжьы лышәҭар ҟалоит абра

НТВ апроект ҿыц "Ты супер!" аҭаацәа ирылхәдоу ахәыҷқәа рҽаарԥшраз алшара рнаҭоит. Иара иалахәуп ахәыҷқәа рыҩнқәа рҟны ирааӡо, ашкол-интернатқәа ирҭоу, ус аҭаацәарақәа рахь ааӡара ирго ахәыҷқәа. 7 шықәса инаркны 18 шықәса рҟынӡа зхыҵуа апрофессионалтә жиурии миллионҩыла ателехәаԥшцәеи рҿаԥхьа рҟазара аадырԥшуеит. Урҭ аус рыдырулоит иреиӷьу амузыкатә продиусерцәа, аҟазауаа. "Ты суперзвезда!" мҩаԥигоит ТЕФИ занашьоу Вадим Такменев. Аконкурс иалахәуп Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәыла, Азербаиџьан, Ермантәыла, Ҟазахсҭан, Кыргызсҭан, рҭтәыла, Беларуссиа, Молдова, Естониа рҟынтәи аҟыбаҩ ҷыда змоу аҿар.

Ажәабжьқәа зегьы
0