АҞӘА, мшаԥымза 21 — Sputnik. Аԥсны Аекономика аминистрра атуризм аҿиара атурпоток аизырҳарала акәымкәа атурист иҟынтәи ахашәала аизырҳаралоуп ишақәгәыӷуа, ҳәа азгәеиҭеит Ҟрым имҩаԥысуа Иалтатәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум–2017 иалахәу Аԥсны Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба. Абри атәы аанацҳауеит Аекономика аминистрра аофициалтә саит.
"Иахьазы Аԥсныҟа иаауа атуристцәа рхыԥхьаӡара 1,1 инаркны 1,2 миллион рҟынӡа инаӡоит ашықәс ахы-аҵыхәала. Ҳара урҭ 1,5 миллион рҟынӡа инаӡаргьы реиҳара ҳашьҭам, ҳара иҳагәҭаку атурист иҟынтәи хаҭала ахашәала иҳауа аизырҳароуп", — иҳәеит иара.
Арӡынба иара убасгьы иазгәеиҭеит, асеиԥш аӡбра зыҟоу Аԥсны аҵакыра рацәак иахьдуум, атуристцәа рхыԥхьаӡара арацәарагьы иара аинфраструктура ихрам анырра анаҭар ахьалшо азы шакәу.
Аекономика аминистр далацәажәеит Иалта имҩаԥысуа астол гьежь амшхәаԥштә азҵаара актуалра шалоу Ҟрым еиԥш асоветаамҭақәа рышьҭахьтәи егьырҭ атәылақәа рызгьы.
"Сара акыр саднаԥхьалеит ауаҩытәыҩсатә капитал аԥыжәара ахьарҭо "аиааирақәа хԥа рстратегиа". Уи ҳәарада ииашоу хырхарҭоуп", — иҳәеит иара.
Аделегациа аилазаара иара убасгьы иалахәуп: аминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ Георги Берзениа, алицензиаҭареи аҳәынҭқарратә наплакқәеи Русбарҭа аиҳабы Гәырам Корсанҭиа, алицензиаҭара аҟәша аиҳабы Изеҭ Хьибба.
Иалтатәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум – аекономика аусхк аҟны есышықәса имҩаԥысуа жәларбжьаратә уснагӡатәуп, Урыстәыла имҩаԥысуа аекономикатә форум дуқәа ԥшьба ируакуп.
Афорум еиҿыркаауеит: Ареспублика Ҟрым аиҳабыра, "Иалтатәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум" Афонд, адгылара анаҭоит Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Иусбарҭа.