Аказақцәа амузеи агәаларшәагатә ҳамҭақәа арҭеит

© Sputnik Анжелика БенияАказақцәа амузеи агәаларшәагатә ҳамҭақәа арҭеит
Аказақцәа амузеи агәаларшәагатә ҳамҭақәа арҭеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара аҳәынҭқарратә музеи аҟны имҩаԥган Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны хатәгәаԥхарала еибашьуаз аказақцәа ргәалашәара иазкыз ауснагӡатә.

АҞӘА, мшаԥымза 28 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара аҳәынҭқарратә музеи ҳамҭаны иаҭан акәымжәы, ахылԥарч, аҳәа уҳәа аказақцәа рреликвиақәа.

"Ҳара ҳзы арҭ хәызмаӡам реликвиақәоуп. Уажәшьҭа ҳара иҳамоуп алшара ҳмузеи аҟны аказақцәа реибашьра-мҩа аарԥшраз. Шәҳацхраа аекспозициатә материалқәа реизгараҿ. Афотосахьақәа мацара азхом", — лҳәоит амузеи адиректор Мзиа Беиаԥҳа.

Аиԥылара далахәын Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алахәыла, акапитан, Приднестровие Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҷыдахырхарҭа змоу амилициа рбаталион "Днестр" агәыԥ "Дельфин" аоперациа ҷыдақәа рыҟәша аиҳабы, Игор Данилин.

"Ари аибашьра Кавказ аҭоурых ианылеит реиҳа ишьакаҭәароу еибашьраны. Аԥсуааи ақырҭқәеи рыдагьы аибашьра иалахәын абазақәа, аҟабардақәа, ачеченцәа, ауаԥсаа, аерманцәа, аурысқәа. Ацхыраара ду ҟарҵеит Алада Урыстәылатәи аказақцәа", — иҳәеит аветеран.

Аԥсны еибашьуаз аказақцәа рҟынтәи ааҩык Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳарак рыхҵоуп, 17-ҩык Леон иорден ранашьоуп.

Чечентәи Ареспубликаҟынтәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз Вахид Керимов иҳәеит аибашьратә хҭысқәа реиҭаҳәара аасҭа аибашьра ахаҭа еиҳа ишымариоу.

"Аибашьра иалагаз ҳара ҳакәым. Ҳара ҳацхырааҩцәоуп. Ҳашьцәа рыхьчара ҳааит. Ҳабацәеи ҳабдуцәеигь ус ҟарҵон. Сара исызсыдкылом аԥсылманцәа ақьырсианцәа ирабашьуан ҳәа анырҳәо. Ҳажәҩа еибыҭан зегь ҳаидгылан. Аиаша ҳазықәԥон", — иҳәеит иара.

Ажәабжьқәа зегьы
0