Акурортқәеи атуризми рминистрра: Пицунда аԥыжәара амоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәара
Аҟәара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны асасааирҭақәеи апансионатқәеи 2017 шықәсазтәи акурорттә сезон аҽазыҟаҵарақәа ирылагахьеит, ҳәа радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Акурортқәеи атуризми рминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба.

АҞӘА, мшаԥымза 28 — Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны асасааирҭақәеи апансионатқәеи 2017 шықәсазтәи акурорттә сезон аҽазыҟаҵарақәа ирылагахьеит. Апутевкақәа рыҭира аус аҿы Пицунда аԥыжәара амоуп иҳәеит Аԥсны Акурортқәеи атуризми рминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба.

"Акурорт Пицунда апутевкақәа рыҭира аус аҿы аԥыжәара амоуп", — иҳәеит Ахба.

Ахба иазгәеиҭеит акурорттә сезон егьырҭ ареспублика араионқәа рҟны аҭагылазаашьа макьаназы даара аоптимизмра аҵоуп ҳәа уҳәартә ишыҟам. Сасааирҭақәак рмаҵзурақәа рыхәԥса еиҵарымтәыр, аԥсшьаҩцәа рмоур алшоит ҳәа ишьоит Ахба.

"Ҳара амониторинг мҩаԥаагеит. Иазгәаҳҭеит обиектқәак рхаҭәаара алымшар шалшо", — иҳәеит Ахба.

Аԥсны Акурортқәеи атуризми рминистрра ареспублика аӡыргаразы аусурақәа реиҿкаара иаҿуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0