Еҭери Кациаԥҳа: Аԥсуа радио ԥхьаҟагь аԥеиԥш бзиа азыԥшуп

© flickr.comЕҭери Кациаԥҳа Аԥсу радио 85 шықәса ахыҵра аламҭалаз еиуеиԥшым ахҭысқәа дҳазрылацәажәеит
Еҭери Кациаԥҳа Аԥсу радио 85 шықәса ахыҵра аламҭалаз еиуеиԥшым ахҭысқәа дҳазрылацәажәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсу радио 85 шықәса ахыҵра аламҭалаз еиуеиԥшым ахҭысқәа дҳазрылацәажәеит аурыс жәабыжьқәа рмаҵзура аредактор Еҭери Кациаԥҳа.

Sputnik, Амра Амҷԥҳа

Ҩынҩажәа шықәса инарзынаԥшуа журналистс иҟоу Еҭери Кациаԥҳа Аԥсуа радио ахь усураҳәа днеиит агазеҭ аредакциаҟынтәи.

"Арадио аҟны саннеи сара еилыскааит ажурналистика ахааназ сышзаԥырымҵуаз. Акызаҵәык, арадио аҟны усҟантәи аамҭазы ирымаз атехника анызба сыԥсы насхаҳаит, аха анцәа иџьшьаны иаарласны снапахьы иаазгеит уи амаӡақәагьы. Иаарласны 40 шықәса ҵуеит арадио аҟны аус зуеижьҭеи", — лҳәеит аурыс жәабыжьқәа рмаҵзура аредактор Еҭери Кациаԥҳа.

Аԥсуа радио 85-шықәса анахыҵуа аламҭалазы Еҭери Кациаԥҳа илгәалалыршәоит апоетесса Нелли Ҭарԥҳа арадиоинтервиу анлымылхуаз.

Атәыла ахада иабжьагаҩ Владимир Занҭариа - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа радио "ахьтәы аамҭа"

"Усҟан арадиодырраҭарақәа 20-30 минуҭ ицон. Арадиоинтервиу ҭаҩны саналга избеит ажәа рацәа шыҟаз, аха амонтаж шыҟасҵоз сыздырамызт. Нази Армазан амонтаж сзыҟалҵеит. Слыҵашьыцны слыхәаԥшуан афырфырҳәа алентақәа хыҵәҵәо амонтаж шыҟалҵоз. Мчыбжьык-ҩымчыбжь рыла саргьы исҵан, аӡәы симыҳәо, схы сахәо сҟалеит", ҳәа лгәалалыршәоит Еҭери.

Ажурналист илҳәоит аурыс редакциа адырраҭарақәа рҳәаа акыр ишыҭбааз. Лара лажәақәа рыла арадио "ахьтәы фонд" аҟны еиқәханы иҟоуп Константин Симонов, Мариетта Шагиниан, Андреи Вознесенски, Роберт Рождественски, Евгени Евтушенко, Дырмит Гәлиа, Баграт Шьынқәба, Иван Ҭарба уҳәа рыбжьқәа.

"Уажәыгьы лассы-лассы урҭ рықәгыларақәа аефир ахь идәықәаҳҵалоит, аибашьра ашьҭахь инхаз шырацәамгьы", — лҳәоит лара.

Еҭери Кациаԥҳа илҳәоит Аԥсуа радио 1992-1993 шықәсқәа рзы иааннакылоз аҭыԥ ахәшьара акыр ишыуадаҩу.

"Атехника ҳамамызт. Уажәы, аамҭа рацәа анца ашьҭахь оумашәа избоит аефир ахь анеира шҳалшоз. Аурыс редакциа напхгара аиҭон Олег Шамба. Аштат еиҿкааны иҳаман сызҳәом, дарбанызаалак иҟаҵатәыз аус ҟаиҵон. Арадио иахықәкы хаданы иҟаз ажәлар аиаша раҳәара, ргәы ашьҭыхра, рыдгылара акәын. Ҳколлектив иалшоз зегь ҟанаҵон профессионала аус анагӡаразы", — лҳәоит лара.

Арадио аҵакы иналкаау аҭыԥ аман амацәаз иҭакыз Мрагылара аган аҿы инхоз ҳажәлар рзы. Урҭ рзы уи ԥсҭазааран, иԥсҭаҵаган.

"Арадио аоккупациа зызуз ҳажәлар ҳауаҿамҩан ирзыҟан. Афымцалашара ахьрымамыз иахҟьаны аккумулиаторқәа ирҿакны арадио иазыӡырыҩуан", ҳәа еиҭалҳәоит ажурналист.

Аибашьраан Аԥсуа радио аус ацыруан Олег Шамба, Даур Начҟьебиа, Манана Гуниаԥҳа, Џьума Аҳәба, Константин Гәлиа.

Арадиостанциа - Sputnik Аҧсны
Џьалаӷаниаԥҳа: исҭахуп аԥсуа радио абжьы аԥсыуа ҩнаҭацыԥхьаӡа иҩныҩларц

"Бзиа еицаабо апоет Лев Лиубченко аибашьра иазкыз ажәеинраалақәа ҳазнеигон. Арадио акыр иџьабаа адуп Владимир Никонов".

Никонова "аԥсуа Левитан" ҳәа изылҳәоит лара.

"Ажурналистикахь машәырла инанагаз Никонов ҳара ҳзы дыхьҟәырҷахеит. "Аԥсуа Левитан" ҳәа сишьҭоуп иахьагьы. Ихаҭа аматериалгьы иҩуан, аредакциагь азиуан, дагьаԥхьон", — лҳәоит лара.

Иахьазы арадио иамоу аматериал-техникатә база далацәажәо Кациаԥҳа илҳәоит уи зыбзоуроу Гурам Амқәаб иоуп ҳәа.

"Иалшом Гурам Амқәаб иӡбахә сымҳәар. Иара арадио аусураҿ илагала акыр идууп. Иара ицхырааралоуп ҳаамҭа иақәшәо атехника зегьы шҳауз. Аусурахь инеиз аҿар уи иаарласны ишьҭыркааит. Иуҳәар ауеит иахьазы иҟоу аколлектив зус бзианы издыруа профессионалцәоуп ҳәа", агәра ганы дцәажәоит Кациаԥҳа.

Лара ихаҵаны дыҟоуп ателехәаԥшра аума, аинтернет аума арадио рзыԥсахуам ҳәа.

Лара иазылыԥхьаӡоит арадио амассатә информациа ахархәагақәа зегь раасҭа аоперативра алоуп ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0