Аԥсуа радио Сусана Саӡԥҳа лгәалашәараҿы

© Sputnik / Томас ТхайцукЖәиԥшь-шықәса инареиҳаны арадио амаҵ азызухьо Сусана Саӡԥҳа
Жәиԥшь-шықәса инареиҳаны арадио амаҵ азызухьо Сусана Саӡԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа радио аефир ахь ицәырҵижьҭеит 85-шықәса ҵуеит мшаԥымза 30 рзы. Абри аныҳәатә рыцхә аламҭалаз, жәиԥшь-шықәса инареиҳаны арадио амаҵ азызухьо Сусана Саӡԥҳа лгәалашәарақәа ҳацеиҩылшеит.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Сусана Саӡԥҳа, Аԥсуа радио аҟны лусура арубрика амҩаԥгаҩ лҟынтә аредактор хада лҟынӡа имҩаԥысит. Аҵыхәтәантәи аԥшьышықәс ареспублика арадиодырраҭарақәа дреиҳабуп.

Сусана Саӡԥҳа арадио аҿы аусура лыдигалеит Ателерадиоеилахәыра уаанӡатәи адиректор хада Гурам Амқәаб.

"Аԥсуа радио ахь усураҳәа сымҩахыҵит 17 шықәса раԥхьа. Ауниверситет алгараз шықәсык шсыгыз, агазеҭ «Аԥсны» усҟантәи аредактор хада Борис Ҭыжәба агазеҭ ахь аусураз снеиԥхьеит. Ҩбаҟа шықәса ааҵуаноуп Гурам Амқәаб ателехәаԥшраҿы аусура ансыдигалаз", ҳәа лгәалаалыршәоит Сусана.

Ателерадиоеилахәыра аиҳабы иҭахын ашьыжьтәи ателедырраҭара аиҿкаара.

"Аамҭақәак цахьаны, арадио аҟны аефир ахьмаҷыз инамадан, сҩызцәеи сареи уа ҳаҽԥаҳшәарц азин ҳаиҭеит", — лҳәоит Сусана.

Еҭери Кациаԥҳа Аԥсу радио 85 шықәса ахыҵра аламҭалаз еиуеиԥшым ахҭысқәа дҳазрылацәажәеит - Sputnik Аҧсны
Еҭери Кациаԥҳа: Аԥсуа радио ԥхьаҟагь аԥеиԥш бзиа азыԥшуп

Арадио аҟны аусура ишиашоу ицо ефирла еиҿкаан. Атехника аганахь ала усҟантәи аамҭеи иахьатәи аамҭеи еиҿырԥшышьа рымам ҳәа азгәалҭоит лара.

"Атехника акыр иажәын. Акомпиуторқәа ыҟамызт. Усҟан арадио Аидгылара амҩаҿ иҟаз ахыбраҿ акәын аус ахьауаз. Нас, ахыбра ҿыц ахь ҳаниарга техникала ҳаиқәыршәара еиҳа еиӷьхеит. Аефир аамҭа арҭбааразгьы алшарақәа ҳауа ҳалагеит", — илгәалалыршәоит ажурналист.

Аибашьра ҟалаанӡа арадио архив ду аман, аха аибашьраан уи аиҳарак ыӡит.

"Ишыжәдыруеиԥш ҳаибашьра аамҭақәа раан Аԥсуа радио адунеи аҟны реиҳа иззыӡырыҩуаз арадиоқәа жәаба ирыларкит", — лҳәоит сусана.

Сусана дызлахәыз раԥхьатәи аефир мҩаԥысит ашьыжь, асааҭ фба рзы. Усҟан аефир аамҭа ф-сааҭк артәон.

"Адырраҭара аԥсышәала ицон. Нас ҳара асааҭ ааба инаркны жәбанӡагьы аефир ахь ҳҭыҵуа ҳалагеит. Сусура раԥхьатәи ашықәсқәа рҟынтәи еиҳа сгәалашәараҿы инхеит Чечниа ицоз аибашьра иазкыз ҳдырраҭарақәа. Зураб Аргәын редакторс дыҟаан. Ажәабжьқәа еидкылан аурысшәа аҟынтәи аԥсшәахь еиҭаагарц адҵа ҳаиҭон. Ҳаргьы ажәабжьқәа амагнитафонтә кассета ианҵаны, нас аԥсышәала еиҭаганы аефир иазҳархион", — лҳәоит Сусана.

Сусана Аԥсуа радио аредакторс даныҟала нахыс аефиртә ҳа еиҳа аҽарҭбааит, арубрика ҿыцқәеи адырраҭарақәеи цәырҵит.

Мшаԥымза 30 Аԥсуа радио 85 шықәса ахыҵуеит - Sputnik Аҧсны
Аинформациатә қәԥара "аштаб"

"Ҳмилаҭ ақьабызқәеи ҳаԥсадгьыл аҭоурыхи ирызкыз арубрикақәа цәыраагеит. Аефир ахь ҳцәырҵуа ҳалагеит х-сааҭк: 6 инаркны 9 рҟынӡа, уи ашьҭахь 11 инаркны 12 рҟынӡа", ҳәа азгәалҭоит лара.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡагьы Аԥсуа радио абжьы ҳдиаспора рҟынӡа инаҩхьан, аибашьра аангьы иазыӡырыҩуан, аха аибашьра ашьҭахь уи ԥкхеит, лҳәоит Сусана.

"Ауадаҩрақәа шыҟазгьы, иџьоушьаша, еиуеиԥшым атәылақәа: Франциа, Италиа, Германиа, Америка уҳәа рҟынтәи иаҳзаауан", ҳәа илгәалалыршәоит Сусана урҭ аамҭақәа.

"Ҳрадио еиҳарак иазыӡырыҩуаҳ арадиобзиабаҩцәа ракәын. Урҭ иҷыдоу арадиодкылагақәа, арадиоресиверқәа рымоуп. Асигналқәа рыдыркылоит", ҳәа ҳаиллыркаауеит Сусана.

Иахьатәи аамҭазы Аԥсуа радио иамоуп ахатәы аудиториа. Ахатәы бызшәала аинформациа аиуразы Аԥсуа радио еиҳа иманшәалоу каналны иҟоуп.

Сусана Саӡԥҳа аус луеит арадио Sputnik Аԥсны аԥсуа дырраҭарақәа рредакторс. Уи лара лыԥсҭазаараҿы иҿыцу етапны иҟоуп. Сусана лколлегацәа риубилеитә ныҳәа рыдылныҳәалоит, ирзеиӷьалшьоит русураҿ ақәҿиарақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0