Sputnik, Амра Амҷԥҳа
— Аушьҭымҭацәа рзы аҵыхәтәантәи аҵәҵәа даара крызҵазкуа хҭысуп. Ашкол ирнаҭаз адыррақәа рыманы иреиҳау аҵараиурҭақәа рахь амҩа иқәлоит. Ианбаҟало сынтәа аушьҭымҭацәа рзы аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы?
— 20 000-ҩык инареиҳаны Аԥснытәи аушьҭымҭацәа рҵара хдыркәшоит. Ареспублика иахьаҵанакуа аҵыхәтәантәи аҵәҵәа аныҳәа мҩаԥысуеит лаҵарамза 26 рзы. 11 класс ирылгоит 1966-ҩык аҵаҩцәа. Урҭ раԥхьаҟа аус дуқәа рзыԥшуп. Ирацәаҩуп иреиҳау аҵараиурҭақәа рахь зхы зырхо.
— Рыҽшԥазыҟарҵо ашколқәа рҟны аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы?
— Ашколқәа зегьы аҽазыҟаҵарақәа ирҿуп. Аҽазыҟаҵарақәа ирҿуп аҵаҩцәа, арҵаҩцәа, аҭаацәа.
— Аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы ашьҭахь аԥышәарақәа ирылагоит. Сынтәа еиҭакра ҳәа акрыҟоума? Иҿыцу алагалара ыҟоума?
— Ааи. Аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы ашьҭахь аихшьаалатә аттестациа ҳалагоит. Сынтәа раԥхьаӡа акәны иаԥсыуам ашколқәа рҟны аԥсуа бызшәа ԥышәарак аҳасабала иалагалоуп.
— Аԥышәарақәа ртәы анышәҳәа, реиҳа изыцәшәозеи аушьҭымҭацәа?
— Ус иалкаау ԥышәара ыҟам. Ажәеизатәи акласс аҟны ахатәы бызшәеи алитературеи рҭиуеит, ирҭиуеит алгебра, Аԥсны аҭоурых. Аҭоурых азы аԥышәара адагьы аинтеллектуалтә еиндаҭлара мҩаԥаагараны ҳаҟоуп.
— Иаԥсыуам ашколқәа рҟны аԥсуа бызшәазы аԥышәара ҟалоит шәҳәеит, уи ауадаҩра аҵаларыма?
— Ауадаҩрақәа зехьынџьара иҟоуп, аха аԥсуа бызшәа ҳәынҭқарратә бызшәазар, иаԥсыуам ашколқәа рҟынгьы ирҵароуп. Сгәы иаанагоит алҵшәа бзиақәа аадырԥшып ҳәа ахәыҷқәа.
— Ашколтә олимпиадақәа шәҳазрылацәажәар. Урҭ аолимпиадақәа рҟны аԥыжәара змоу иреиҳау аҵараиурҭа рҭалараан ирыхәоума?
— 9-11 аклассқәа рыбжьара Ареспубликатә маҭәартә олимпиада мҩаԥаагеит. Рхы аладырхәит 335-ҩык аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәа. Иара убасгьы аԥшьбатәи аклассқәа рыбжьара имҩаԥаагоз аолимпиада иалахәын 240-ҩык аҵаҩцәа. Аолимпиада аихшьаалақәа рыла 335-ҩык рҟынтә, 36-ҩык аиааира ргеит, аԥшьбатәи акласс 240-ҩык рҟынтәи 90-ҩык аиааирақәа ргеит. Аолимпиадаҿ аиааира заузи апризиорцәеи ААУ аҭалараан аԥыжәарақәа роуеит.
— Сынтәатәи аҵарашықәс хәшьарас иашәҭозеи?
— Сынтәа жәҩык аушьҭымҭацәа ахьтәы медал аиуразы иқәгылоуп.
— Аминистрра ҽаантәи аҵарашықәс аан акыр аԥсахра азыԥхьагәанаҭоума?
— Ҳара аԥсахрақәа ҟаҳҵоит аҵаратә процесс аиӷьтәразы. Аҵара аминистрра убри азы иалшо зегьы ҟанаҵоит. Аҵаратә процесс аԥсахрақәа алагалара имариоу усӡам, аха сгәы иаанагоит ҳагәҭакқәа зегьы наҳагӡап ҳәа.
— Иахьа арҵаҩцәеи аҭаацәеи русеицура шԥамҩаԥысуеи?
— Ашколи аҭаацәеи аус еицыруазароуп. Апроблемақәа зегьы ашколи арҵаҩцәеи рыхәда ақәҵара иашам. Ҳара ҳхәыҷқәа еицыҳааӡароуп. Аҭаацәа ахәыҷқәа рааӡаарҿы рҭакԥхықәра аӡәгьы ирхимхӡацт, уи еиҳа еиҳауп, ашколи аҳәынҭқарреи ари аус аҿы ирыцхраауеит. Аус еицырулар, ибзиоу алҵшәақәагьы ҟалоит.
Ашколқәа зегьы рҿы имҩаԥаагеит аҭаацәеи, аԥсихологцәеи, ааӡаҩцәеи, ААР аусузуҩцәагьы алархәны аизарақәа. Урҭ лассы-лассы имҩаԥгалатәуп. Аха аизарақәа рымацара азхаӡом, ҳара тҳазегьы еибыҳәаны ҳаицхыраароуп.