Алина Ачԥҳа: ажәа иалшоит уашьыргьы, уеиқәнархаргьы

© Фото : Facebook/Алина АчбаАлина Ачԥҳа
Алина Ачԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа радио Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан аусура шымҩаԥысуаз далацәажәоит абжьы арежиссиор Алина Ачԥҳа.

Sputnik, Роберт Џьопуа

Аибашьра ҟалаанӡа Аԥсуа радио Аиҳабыра Рыҩны ахыбраҟны, ателехәаԥшра ахьыҟаз аҭыԥ аҟны иҟан. Аибашьра ишналагаз аӡбра рыдкылан аҳҭнықалақь ааныжьны Гәдоуҭаҟа ииасырц. Аамҭа аҽеизгаразы зынӡакгьы иҟамызт. Алина, усҟан арадио аҿы корреспондентс дыҟан. "Арепортиор" аашьҭыхны Алашарбага араион ахь, лыҩныҟа дцеит. Гәдоуҭаҟа лара днеиит гагра ахы ианақәиҭыртә ашьҭахь.

"Аҟәа алҵра уадаҩын. Аԥсыӡкыга асеинер ала Шәачанӡа ҳнеиит, уантәи Гәдоуҭаҟа ҳхы ҳархеит. Уа сышнеиз еиԥш аусура аилашыра сналагылеит. Сара аҳәаанырцәҟа иҟаҳҵоз адырраҭарақәа рыҟәшаҿы аус зуан. Аус сыцыруан Света Қорсаиаԥҳа, Октаи Чкотуа. Аҳәаанырцә инхоз ҳџьынџьуаа рзы аԥсышәалеи ҭырқәшәалеи арадиодырраҭарақәа мҩаԥаагон", ҳәа еиҭалҳәоит Алина.

Дара русура хықәкы хаданы иамаз Аԥсны имҩаԥысуа ахҭысқәа риашара адунеи аларҵәара акәын.

"Аԥхьаҵәҟьа адырраҭарақәа рзы иахәҭаны иҟоу амыругақәа рзы даара ҳмаџьанан. Нас-нас ҳҽеидаҳкыло ҳалагеит", ҳәа лгәалалыршәоит лара.

Арадио ажәабжьқәа аиҳарак иззырхаз Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭаҿы инхоз ракәын. Урҭ амацәаз иҭакын. Аԥсуа телехәаԥшра уа ирызрыдкыломызт, иҟаз разҳәоз арадио мацара акәын.

Раиса Ажьиԥҳа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсуа радио аусура далацәажәоит - Sputnik Аҧсны
Раиса Ажьиԥҳа: аинформациа еснагь уаргәырӷьартә иҟамызт

Арадио акорреспондентцәа ажәабжьқәа рыдагьы аибашьцәа ирыҿцәажәон. "Уи азы ҳкорреспондентцәа аибашьра аԥхьатәи ацәаҳәахьы инеиуан. Аиҳаракгьы аинтерес аҵан Аԥсныҟа хатәгәаԥхарала иааны иҳацеибашьуаз ауаа рыҿцәажәара. Ҳара арҭ аиҿцәажәарақәа мҩаԥаагон аибашьцәа рҭаацәа, ргәакьацәа урҭ рыԥсы шҭоу, ишыҟоу рдырырц азы", — лҳәоит лара.

Алина лажәақәа рыла иҟан зҳәара уадаҩыз ажәабжьқәагьы. "Ажәа уагьашьуеит, уагьеиқәнархоит", лҳәоит лара.

"Ҳәашьа амамкәа иуадаҩын ақырҭцәа ԥхынҷкәынмзазы аверталиот анкарыжьыз аефир ахь ацәырҵра. Ари милаҭ рыцҳара дуун. Сара сгәы иаанагон амҳаџьырра ҳажәлар рҭоурых аҟны реиҳа иуадаҩыз аамҭан ҳәа, аха арҭ амшқәа еиҳагьы еицәан. Амикрафон унапаҿы иаанкылан ажәак аҳәара амч ду аҭахын. Ҳазлалагаша, иаҳҳәаша ҳаздырамызт", ҳәа илгәалалыршәоит Алина арҭ амшқәа.

Алина иара убасгьы иазгәалҭоит усҟан аколлектив роума, иара ус ауаа роума реизыҟазаашьақәа ҷыданы ишыҟаз.

"Аӡәи аӡәи ҳаихӡыӡаауан. Усҟан ҳгәы иаанагон аиааира ашьҭахь ҳшыҟац ҳаанхоит ҳәа. Аха, аибашьра ашьҭахь ҳҽеиҭаҳкит", — лҳәоит акыр лгәы лыхьуа Ачԥҳа.

Аибашьра ашьҭахьгьы арадио аколлектив аамҭақәа акыр ишыуадаҩызгьы ашәымҭак русура аанырымкылеит. Аԥсуа радио шьаҿа-шьаҿала иахьатәи аҭагылазаашьаҟны иааины иҟоуп. Аҿиарагьы аԥеиԥшуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0