Ажурналист игәрагара

© Фото : из архива ДбарГарри Дбар
Гарри Дбар - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арадиожурналист, Аԥсуа радио аредактор, Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Гарри Дбар дигәалаиршәоит иҩыза Оҭар Лакрба.

Sputnik, Амра Амҷԥҳа

Ажурналистцәа Гарри Дбари Оҭар Лакрбеи еибадырит 1976 шықәса рзы, Горки ихьӡ зху Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҭалараз аԥышәарақәа анырҭиуаз. Рҩыџьагьы қәҿиарала аԥышәарақәа ҭины аинститут иҭалеит.

"Убра ахы акит ҳаиҩызара. Гарри сара сзы аҩыза ҳәа акәым дшыҟаз, диашьан", — иҳәоит Оҭар Лакрба.

Ҭина Қорсаиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Ҭина Қорсаиаԥҳа: лзыӡырыҩцәеи лареи еснагь аимадара рыбжьоуп

Ахԥатәи акурс аҟны иантәаз Гарри Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет, ажурналистика афакультет ахь диаргоит. Аԥсны иаатуаз ателехәаԥшра аҟазауаа азырхиатәын.

"Қарҭҟа аҵара ҳәа ирышьҭыз амилаҭ кадырқәа дрылан. Ауниверситет даналга Аԥсныҟа дхынҳәуеит, 1980 шықәса рзы Аԥсуа радио аҟны аусура далагоит", — иҳәоит иара.

Оҭар Лакрба ихаҭа иакәзар, 1979 шықәса рзы Аԥсуа радио аҟны дикторс аусура далагоит. Аамҭақәак рышьҭахь аррахь дцоит. Аррамаҵзура дахысны данааи, иҩыза редактор хаданы аус иуа диқәшәоит.

Фышықәса аус еицыруан аиҩызцәа – аредактори акорреспонденти. Нас, Оҭар ателехәаԥшрахьы диасуеит, Гарри арадио аҟны иусура иациҵоит.

"Ҳаиҩызара ԥкыра амамызт. Аусура анҭыҵгьы ҭаацәала ҳаиныруан. Сара Гарри иԥшәмаԥҳәыс иашьасгьы слыман", ҳәа игәалаиршәоит Оҭар.

Гарри иҟазшьа хаданы иман иаша абзиабара. Ажәа рацәа зҳәоз бзиа ибаӡомызт.

"Амц зынӡагьы иирҳауамызт. Аиаша аниарҳәоз бзиа ибон. Иарбан зҵааразаалак дызлацәажәоз аҟны аиаша ааҭкааны иҳәон. Гызмалрак иламызт. Аҭакԥхықәра ԥсабарала ицәа иалан", — иҳәоит ажурналист.

Гарри арадиои ателехәаԥшреи рзы адырраҭарақәа еиҿикаауан.

Раиса Ажьиԥҳа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсуа радио аусура далацәажәоит - Sputnik Аҧсны
Раиса Ажьиԥҳа: аинформациа еснагь уаргәырӷьартә иҟамызт

"Адырраҭара еиҿкааны, апроект аус адуланы ианирхиалак иколлега қәыԥшцәа ианриҭоз ыҟан. Убас адырраҭара "Аԥсадгьыл абжьы" ахы зкызгьы иара иоуп. Уи уажәы қәҿиарала Сырма Ашәԥҳа иналыгӡоит. Убас иҟаз уаҩын Гарри", — иҳәоит Лакрба.

Ахәаԥшыҩцәа ибзианы еицырдыруеит ақыҭаԥсҭазаара иныҭкааны иузырбоз, ақыҭауаа рыхьӡқәа ӡырызгоз Гарри ителедырраҭара "Аӡыхь".

Лакрба иажәақәа рыла ақыҭауаа Гарри азҵаарақәа изаарышьҭуан, иара иакәзар, азанааҭуаа адгаланы рызҵаарақәа, рыгәҭыхақәа рҭак ҟаиҵон.

Аибашьраан Гарри Ешыра даангыланы илшоз ала ҳаибашьцәа ацхыраара риҭон.

"Аха нас иҳәаны Гәдоуҭаҟа дыргеит. Арадио аҟны дырҭахын зус бзианы издыруаз ауаҩы. Аибашьра ашьҭахь Гарри арадио аредактор хадас аус иуан, нас — директорс. Аҵыхәтәантәи имш аҟынӡагьы уи аҭыԥ ааникылон", — иҳәоит Лакрба.

Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, аорден "Ахьӡ-аԥша" III аҩаӡара занашьаз Гарри Дбар 53 шықәса дшырҭагылаз, иҟаиҵаша акырӡа ишырацәаз иԥсҭазаара далҵит.

Ажәабжьқәа зегьы
0