Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа.
Ҳәарада, иахьа адырраҭарақәа рыхкқәа шырацәоу еиԥш Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан усҟак ирацәаӡамызт. Ихадаз ажәабжьқәа ракәын. Иҟан адырраҭарақәа "Аԥсадгьыл абжьы", иҟан адыраҭара "Агәыӷра", уи мрагылара инхоз ауааи мраҭашәара инхази излеигәныҩуаз дырраҭаран, имҩаԥылгон Лиудмила Цабехиаԥҳа, аамҭак мҩаԥгаҩыс даман Мзиа Кокаиаԥҳа, ҳәа лҳәеит Кәарацхьелиаԥҳа.
Ажәлар ззыԥшыз ажәабжьқәа ҭыҵуан есыҽны.
"Аибашьра анцоз, ҳәарада, аусура мариаӡамызт. Гәдоуҭа ақалақь аҟны акәын аус ахьаҳуаз. Уаҟа аибашьраҵәҟьа ҳалагылаӡамызт, аха уиезгьы, Аԥсны зегьы еибашьран, иахьа ҭыԥк аҟны ҭынчразар, уаҵәы иҟалоз ҳаздырӡомызт. Сгәалашәарақәа ирылыскаауа, ахаан исхымышҭуа – марттәи ажәылара ауп. Иҳақәымҿиаз ажәылара алҵшәақәа. Сыгәгьы иҭҵәаӡом изеиԥшраз аҭагылазаашьа урҭ амшқәа раан. Ҳара ҳусура аҭагылазаашьа мацара адагьы, ҳусура анҭыҵ", – лгәалашәарақәа ҳацеиҩылшон Кәарацхьелиаԥҳа.
1989 шықәсазы Аԥсны иҟаз аидыслара ашьҭахь, игәҭакны илыман даҽазнык ақырҭқәа акы анаԥшьырга, хымԥада, абџьар шышьҭылхуа. Ус, иааит 1992 шықәсагьы. Алла лҩызаӡӷабк, лара леиԥш згәы цҳафыруаз, аибашьрахь драԥхьагылан лҩызцәа лгарц азы асиа аиқәыршәара далагеит.
"Сара сахьынхоз Аҳабла ҿыц аҟны саԥхьаҵәҟьа иҟан ацхырааралас ахыбра. Уахь инаргон ахәцәа. Аибашьра ахԥатәи амш аҽны Екатерина Бебиаԥҳаи сареи аусура ҳцоит ҳәа ҳашнеиуаз араион ҿыц уахьынабжьыҵуаз аунивермаг аҿаԥхьа аиҿахысра ҳақәшәеит. Убасҟан ауп ианеилаҳкаа ишеибашьраҵәҟьаз. Избақәаз рнаҩс абџьар шысзышьҭымхуаз еилыскааит. Сҩыза иласҳәеит санылымҵарц асиа, сзеибашьӡом ҳәа. Аха илаҳаргьы лҭахымхеит, зегь ҳаибашьыроуп лҳәан, сырԥхашьаны асиа сҭалҩит", – дԥышәарччо илгәалалыршәон аибашьратәи аамҭа Кәарацхьелиаԥҳа.
Мышқәак ирылагӡаны ақалақь ҭацәит. Аҳабла ҿыц аҟны ҳәсеи хацәеи аӡәгьы дубаӡомыз. Аԥсҭазаара аангылазшәа ҭынчран. Ус, машьынак абжьы аҭынчра иаалаҩит, иацылҵеит лажәабжь Алла. Ԥшьала ииасны ицон Гәдоуҭаҟа зхы хаз автобус, уаҟа зегь раԥхьаҵәҟьа дҭатәан асиа еиқәзыршәоз лҩызаӡӷабгьы, амала лыхьӡи лыжәлеи ҳаламҳәаӡеит.
"Жәамышҟа ҳаздәылымҵуа аҩынқәа ҳрыҩнатәан, нас ацхыраара ҳарҭан ҳалыргеит, мшынла Адлерынӡа ҳнаргеит. Уахьынтәи Украинаҟа сашьа иахь. Гагра ҭадырцәаанӡа уа сыҟан. Гагра шҭадырцәыз ансаҳа мышкгьы срызнымкылаӡеит. Сусурада сыԥсҭазаара схахьы исзаагом. Иҟаз уаҩҵас ишысзымдыруазгьы сҩызцәа ахьыҟаз снеит. Гәдоуҭа иҟаз еиҳа иҳаҳауан, еилаҳкаауан, еиҳа аҵабырг ҳдыруан. Ҭҟәарчал, Очамчыра аган ҳаҟара аинформациа змамыз ауаа, урҭ еиҳагьы ргәы хыҭ-хыҭуан, аиашаҵәҟьа ахьырзымдыруаз еиҳагьы рҭагылазаашьа еицәан, убри ҳдыруан азы зынӡа аҵабырг инҭырҳәыцааны иаҳҳәаӡомызт. Иумҳәар ада ԥсыхәа змамыз аиаша анаҳҳәоз ргәы каҳмыжьырц азы ҽакала ҳаԥхьон", – иацылҵон Кәарцхелиаԥҳа.
Ажурналист излалҳәо ала, аибашьра цонаҵы, ианалага инаркны ианеилгаҵәҟьоз аамҭа лдыруан.
"Иџьасшьоит. Исҳәон, цәыббрамзазы аибашьра еилгоит ҳәа. Аиааира ҳара ишаҳгоз атәы, ҳәарада, гәыҩбаракгьы сымамызт. Сан дансазҵаа, иҟалари, ирҳәои, бгәы ишԥаанагои ҳәа, усҟан аԥхынрагьы ҳҭагылаӡамызт, аԥхынра цонаҵы ҳзеилгаӡом, цәыббра анынҵәо аибашьра еилгоит, ҳәа ласҳәеит", – иџьашьаны еиҭалҳәон Алла.
Аибашьра цонаҵы Кәарацхьелиаԥҳа есымша лгәы иҵхон, гәаҳәарас илыман, аиааира иазку атекст аԥхьара. Усҟан, арадиостудиаҟны ажәабжьқәа еицаԥхьон ҩыџьа, лареи Мурман Аҳәбеи.
Цәыббра 30 Аиааира иазку атекст Алла 10 минуҭк ирҭагӡаны илҩит. Уи амши, атекст дшаԥхьози, лыбжьы зеиԥшрази иахьагьы илгәалашәоит. "Насыԥуп, аиааира атәы ужәлар ианрылауҳәо", ҳәа иазгәалҭеит лара.