Аублаа ҭыԥҳа Зели Бурџьу Есенч илҳәеит аублаа ирызкны афильм аҭыхра дшаҿу

Анапаҵаҩра
Аубых бызшәа здыруаз ацынҵәарах Тевфик Есенч имоҭа Зели Бурџьу Есенч Аԥсны арепатриациаз аҳәынҭеилакы аҟны аиԥылара мҩаԥылгеит.

Аубыхцәа ирызку афильм шҭырхуа атәы далацәажәеит аубых бызшәа здыруаз аҵыхәтәантәи ацынҵәарах Тевфик Есенч имоҭа Зели Бурџьу Есенч. Лара ҭырқәтәылатәи ателеканал TRT аҟны режиссиорс аус луеит. Аубыхцәа ирызку афильм аҭыхра лара лгәаҳәарақәа иреиҳауп.

"Ара сыҟазаара агәахәара ду снаҭоит. Уажә зҭыхра саҿу афильм акыршықәса раԥхьа зыԥсадгьыл нзыжьыз сыжәлар ирызкуп", ҳәа еиҭалҳәоит лара.

Тевфик Есенч ҭабуп ҳәа ахылҳәааит илзыҟаҵаз азхьаԥшразы, илҳәеит Аԥсныи Нхыҵ Кавкази реимадара еиԥҟьара рмоур шакәу.

Ажәабжь шәаԥхьар ҟалоит абра


Ажәабжьқәа зегьы
0