Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа: ари амш хашҭара ақәым

© Foto / Сырма АшәԥҳаҚьефқьен
Қьефқьен - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа амҳаџьырра аамҭа хьанҭақәа ргәаладыршәоит, ргәаангарагьы ҳацеиҩыршеит.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Зыԥсадгьыл аҟынтә Ҭырқәтәылаҟа ихырҵәаз, насгьы зыԥсахәага зманы Қьефқьен иӡхыҵыз аԥсуаа изҭашәаз агәаҟра цәгьа рызхымгакәа зықьҩыла рыԥсҭазаарақәа ҿахҵәеит. Хәыҷи-дуи рнышәынҭрақәа ара иахьагьы улаԥш рыхьӡом.

Ахәыҷқәа рыԥсыбаҩ амардеит Қараач аҭыԥ аҿы. Уи аҭыԥ иацәыхарамкәа анышә иамадоуп урҭ рҭаацәарақәа. Аԥснынтә Қьефқьенынӡа мшынгәыла мчыбжьык шхәала аныҟәара ахьыбжьаз иацын хырԥашьа змамыз аԥсҭбарақәа, ачымазара бааԥсқәа… Абарҭқәа зегьы ахҵәара иақәшәаз ҳауаажәлар ирԥышәаган… 

Есаҭ Ахба - Sputnik Аҧсны
Есаҭ Ахба: атәым жәлар уанрылоу, узлоу акультура уныруеит

Кавказ ажәларқәа рыԥсадгьылқәа мчымхарыла ианахгаз аамҭазы, амҩан ирхыргаз агәаҟрацәгьа зегьы ибзианы еилаҳкаауеит, ҳәа иҳәеит ҳџьынџьуаа ируаӡәку Феридун Аҟәысба.

"Қаԥба Руҳи иан рыцҳа илҳәоны исаҳахьан ҳабдуцәа атәым дгьыл ианықәнагала изықәшәаз аџьамыӷәа цәгьа. Ҭауақ ҳәа ақыҭа ыҟоуп, убра анхара иалагеит дара. Ара иахьааиз ирыԥгылаз ауадаҩрақәа ириааины ахеиқәырхара иашьҭалар акәхеит. Иларҵашаз аџьықәреи ажәлаҵәҟьа рымамызт. Зыӡбахә сҳәоу абырг рбаӷьки ԥшьыкәтыки лымазаарын. Усҟан, Қаинач ҳәа иҟаз ақыҭахь дахьналбааз, ԥҳәыск амӡырхаҿы аџьықәреи лырҩон. Дналыдгылагәышьеит, аха абызшәа лыздырам, илҭахәу лзеиҭаҳәом. Лгәы анкыдгыла дыԥхалҵеит. Убри аамҭазы илыцыз лмаҭа хәыҷы лахь лхы налырхан ус лҳәеит: "Абааԥсы, схәыҷы, сбацәҳауашәа ҟасҵоит, аџьықәреи бналаԥаланы быҩны биас, беимаа хәыҷқәа цырақәак навҵаԥсар жәлас иҟаҳҵоит", ҳәа налалҳәеит.

Убасала, лмоҭа лажәцәеимаа хәыҷқәа ирываԥсаз аџьықәреи уаԥсҵәык аҟара агара лылшеит. Абырлаш лҵәахуазшәа лкасыш инылаҵаны, илгәыдыҳәҳәаланы аҩныҟа иаалгеит. Аҩны ианаалга, исырԥшшоит ҳәа иахьнықәлыԥсаз акәытқәа илцәырфагәышьеит. Акәтқәа шьны, рыхәда ачыҟә икылхны, абасала аџьықәреи жәла ларҵеит ҳауаажәлар атәым дгьыл иқәнагалаз, хәа иҳәеит Аҟәысба.  

Иара иажәақәа рыла, анышәынҭрақәа зларжуаз ҽагаҵәҟьак рымамызт. Абас арыцҳара ӷәӷәа иақәшәаз ахәбатәи, афбатәи абиԥара иаҵанакуа аџьынџьуаа ҳауп ҳара иҳәоит. Ари аҩыза ахлымӡаах хашҭра ахааназы иақәлар ҟалаӡом.

"Ҭырқәтәыла ҳаҟоума, Аԥсны иҟоума, иара убас аԥсуаа ахьыҟазаалакгьы, ҳаԥсадгьыл ԥшӡа аиқәырхара ҳуалԥшьоуп. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны ҳауаажәлар ирылдыршеит ҩаԥхьа ҳадгьыл аиқәырхара. Уи рыԥсҭазаара ахҭнырҵеит зықьҩыла ҳҵеицәа. Иахьа, ҳаԥсадгьыл иахашәыршәыруеит Аԥсуа бираҟ, уи нагӡара ақәзааит!", — иҳәеит ҳџьынџьуаҩ.

Орҳан Ашамба иԥҳа Зеррин Шамԥҳа - Sputnik Аҧсны
Зеррин Шамԥҳа: "Ацынҵәарах" санаԥхьо даҽакала сҟалоит, ҿыц саԥхьоушәа исзааиуеит

Абасала, аҭоурых алахьынҵа бааԥс аԥсуаа ирԥеиԥшнатәхьеит. Аԥсуа жәлар зыхҟьаз, изықәшәаз арыцҳара агәаларшәаразы лаҵарамзазы есышықәса еиқәшәоит Қьефқьен, рабдуцәа ирыхҭысыз алацәажәаразы. Амҩан ианаауаз ашыӡ зыхьны, амлакра иакны иԥсыз асабицәа рхыԥхьаӡара ҵҩа рымам. Уажәшьҭарнахыс аԥсуаа иҳахҭысыз, ҳлеишәа, ҳқьабз, ҳкультура, ҳбызшәа иҳаракны ишьҭызхша аҿар роуп.  

Ахҵәара ззырҳәо, уаныхҵәо уахьцо уҽазыҟаҵаны уанцо ауп. Ари хҵәараӡам, еибарҳәага аӷбақәа ирҭацаланы иаарцаз роуп. Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа ҳхатәы бызшәа ҳмырӡроуп, ҳахьыҟазаалакгьы ҳшаԥсацәоу ҳдыруазароуп, иҳәеит Аҟәысба.

"Уаԥсҵәык анышә ԥсадгьылхом, зыԥсадгьыл иаԥхахаз аԥсуаа ҳзы. Лаҵарамза 21, агәаҟра амш азы ҳаизоит аха, ҳгәы ӷәӷәоу, ҳаиҳабацәа ирхыргаз аҭоурых ҳалацәажәоит, иҳарӡӡом. Шықәсқәак раахыс Ҭырқәтәыла имҩаԥаҳго ахҭыс рхы аладырхәуеит Аԥснытәи ҳашьцәа. Уи даара ҳгәы арӷәӷәоит. Аԥснынтә усҟан аӷбақәа иааргаз ҳауаажәлар рхылҵшьҭрақәа Анцәа иҳәааит рыԥсадгьыл ахь наунагӡа уажәшьҭарнахыс иаго", — ҳәа лҳәоит ҳџьынџьуаҩ Иульқьиу Ашәԥҳа.

Ҳџьынџьуаҩ Илҳан Аҩӡба игәалаиршәоит даҿа хҭыск, иабдуи иареи ахәышҭаара ҳаҿҳәатәан. Иара дыхәмаруан, иабду амца дахәаԥшны дҵәыуон.

"Сабду, узҵәыуозеи, уан дыԥсыма?", сҳәеит. Сызҵәыуо уара иузеилкаарым, аха иуасҳәап иҳәеит. Ҳара Аԥснынтә ҳанаауаз, ар рыӷба ҳақәдыртәеит, аӡәы саб ҳәа дшыҳәҳәоз, егьи сашьа ҳәа дшыҳәҳәоз, ҳшеибырҳәҳәоз ҳаидыҵит. Иршьыма, инхама, иԥсыма, ирыхь сыздырӡуам, уи азоуп сызҵәыуо иҳәеит. Мышкы зны сажәақәа угәалашәахра уҟоуп, иҳәеит. Иахьа, уи лабҿабхеит. Ҳгәыхь ҳдыруеит. Сара сабду Аԥснынтә дхырҵәан. Сара уи ихылҵшьҭра сеиуоуп. Аԥсуа жәлар аԥеиԥш бзиа ҳамазааит!", — иҳәеит Илҳан. 

Ажәабжьқәа зегьы
0