Зеррин Шамԥҳа: "Ацынҵәарах" санаԥхьо даҽакала сҟалоит, ҿыц саԥхьоушәа исзааиуеит

© Foto / Сырма АшәԥҳаОрҳан Ашамба иԥҳа Зеррин Шамԥҳа
Орҳан Ашамба иԥҳа Зеррин Шамԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иналукааша Ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспора ахаҭарнак, апатриот ду, еицырдыруаз аспортсмен, ауаажәларратә усзуҩ Орҳан Ашамба иԥҳа Зеррин Шамԥҳа илгәалалыршәоит Баграт Шьынқәбеи лареи реибадырра, лҭаацәеи иареи ирыбжьаз асалам шәҟәқәа.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Зеррин Шамԥҳа Баграт Шьынқәба хаҭала дылдыруан. Раԥхьаӡа акәны дылбеит Аԥсны, аибашьра аԥхьа. Ароман "Ацныҵәарах" акырынтә даԥхьахьеит. Лаб Орҳан Ашамбеи, ашәҟәыҩҩы ду Баграт Шьынқәбеи акыр шықәса раахыс асалам шәҟәқәа рыбжьан.

"Издыруеит Аԥснынтә ирацәаны асалам шәҟәқәа шаауаз. Сара схаҭагьы срыԥхьон урҭ асалам шәҟәқәа. Урҭ даараӡа ирацәан рхыԥхьаӡара. Аха рыцҳарас иҟалаз, Адаԥазар адгьылҵысра аныҟала аҩнқәа бгеит, иҟоуп ирацәаны иаҳцәыӡыз асалам шәҟәқәа", — ҳәа лҳәоит Зеррин. 

Ҳџьынџьуаҩ ду Орҳан Ашамба игәаларшәаратә хәылԥазы мҩаԥысит

Хаҭала Баграт Шьынқәбеи лареи ашәҟәы рыбжьан. Ауниверситет данҭала аамҭазы, ароман "Ацынҵәарах" аԥхьара далагеит. Иара убасҟан илгәалашәоит, лнапаҿы иара ишәҟәы кны афотосахьа изыналышьҭит Аԥсныҟа. Хымԥада, иаразнак аҭак лзиҩит.

"Сара аибашьра аԥхьа, Мумҭаз Ашамба ила Аԥсны раԥхьаӡа агәыԥ саланы саннеи, Баграт Шьынқәбеи сареи ҳаибабеит, ибзианы дыздыруан, иԥсаҭа бзиахааит. Ароман "Ацынҵәарах" сара ҩынтә хынтәгьы саԥхьахьеит, ҭырқәшәалагьы еиҭаганы иҟоуп. Иара ҭырқәшәалагьы изныкымкәа саԥхьахьеит. Санаԥхьо даҽакала сҟалоит, ҿыц саԥхьоушәа исзааиуеит", — лҳәеит Зеррин.

Аҿар хымԥада иаԥхьароуп. Ароман аҟны иаарԥшу ахҭысқәа, ахҵәара иақәшәаз ихаҿсахьала иаԥҵоу жәларык рлахьынҵа еиқәаҵәа, урҭ ирхыргаз агәаҟра цәгьа еизҳауа абиԥарақәа ирдыруазароуп, ҳәа илыԥхьаӡоит Зеррин.

Сақариа ақалақь аҟны еиҿкаау аԥсуаа рхеидкыла далахәуп, аԥхьаҟа лгәы иҭоуп "Ацынҵәарах" ҭырқә бызшәала иҩу, адернеқь аҿы аҿар рарԥхьара. Лара хаҭала лыҩны аҭыԥ рымоуп Баграт Шьынқәба ишәҟәқәа, даара дрыхӡыӡаауеит. Инапыла ақәҩыра ҟаҵаны даара ирацәоуп ҳамҭас ирзааишьҭхьаз ашәҟәқәа.

"Урҭ хымԥада аԥхьаҟа иӡырызгар сҭахуп, ижәбартә еиԥш аҭагылазаашьа шәоуеит. Сара ауниверситет санҭаз, Лиутфи Агәымба иҿы сыҟан. Иԥшәма ԥҳәыс д-Шамԥҳан, лыԥсаҭа бзиахааит. Сара урҭ рҿы санынхоз, еснагь сааигәа иҟан Аԥсуа нбан, сахьцалакгьы исыцын. Лиутфи Агәымба аԥсуа нбанқәа исырҵеит сидтәаланы, убас ауп аԥсышәала аԥхьашьа шиҵазгьы", — ҳәа азгәалҭеит Зеррин.  

Иара "Ацынҵәарах" акырынтә даԥхьахьеит, уимоу ҿырҳәалагьы иидыруа ахәҭақәа ыҟоуп.

"Аԥсны абзиарақәа рацәахааит, аҿар бзианы иахьӡааит. Сара схы здыруа сыҟоижьҭеи арҭ аусқәа снапы рылакуп, бзиа избоит, аԥхьаҟа иҵегьы еихаҳахар сҭахуп", — лҳәоит Зеррин. 

Абар иара асалам шәҟәы ахаҭагьы:

© Foto / Сырма АшәԥҳаБаграт Шьынқәба Ӡеррин лаб изиҩыз асалам шҟәы
Баграт Шьынқәба Ӡеррин лаб изиҩыз асалам шҟәы - Sputnik Аҧсны
Баграт Шьынқәба Ӡеррин лаб изиҩыз асалам шҟәы

"Акыр иаԥсоу Орҳан! Исоуит усалам шәҟәы, даараӡа иҭабуп, сашьа! Ашықәс гылеижьҭеи кыраамҭа шцахьоугьы, иудысныҳәалоит, хаҭала, ҭаацәала ашықәс ҿыц! Зегьы ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара нагӡа, анасыԥ лаша! Хазы далкааны салам лысҭарц сҭахыуп Зеррин. Ес аашацыԥхьаӡа амшқәа лԥылалааит дзыргәырӷьаша рыманы. Ҵыԥх Ҭырқәтәылан саныҟаз, даараӡа ишысҭахызгьы ҳзеибамбеит. Адаԥазар ҳалсзаргьы ҳзаанымгылеит. 350 шықәса инареиҳаны аԥсуаа ҭоурыхла изыдҳәалоу Ҭырқәтәыла ҿҳәарала жәамш аҟазаара зынӡа имаҷӡоуп, аха усҟан уаҳа ԥсыхәак ыҟамызт. Ачымазара бааԥс ухыугеит, уажәшьҭа иузыԥшызааит агуабзиара нагӡа. Срыхьӡанда ҳәа угәы иааҭоукуа аусқәа зегьы, угәырӷьа-гәырӷьо урыхьӡалааит. Наунагӡа иԥкымзааит ҳаибабара! Есқьынагьы згәы уҭахәхәа уҭоу Баграт Шьынқәба. 1.О2.1995 ш."

Ажәабжьқәа зегьы
0