Есаҭ Ахба: атәым жәлар уанрылоу, узлоу акультура уныруеит

© Foto / Сырма АшәԥҳаЕсаҭ Ахба
Есаҭ Ахба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Занаатла инџьныру ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ, Сҭамԥыл ақалақь аҿы инхо Есаҭ Ахба ихатәы бызшәа идыруеит, аԥсуарагьы акыр дазҿлымҳауп, Аԥсныҟакгьы даахьеит, иара дазааҭгылоит иабдуцәа атәым дгьыл ахь ишықәнагалази, уатәи иԥсҭазаареи.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

- Шәара Аԥсны аҭоурых акыр шәазҿлымҳауп, хаҭалагьы изныкымкәа шәыԥсадгьыл шәаҭаахьеит.  Шәыԥсадгьыл ахь ишәымоу шәхәыцрақәа ҳацеиҩышәшарц сҭахуп.

— Аԥсны еснагь амҩа ԥшӡа иқәзарц сҭахуп, аԥсуа жәлар хьаа рымамкәа инхарц сҭахуп. Аԥсны даара игәхьаазгоит. Аԥсны ҳара ҳхы-ҳгәаҿы иҷыдоу аҭыԥ ааннакылоит. 

- Шәабшьҭра аҭоурых ишәаҳахьо шәгәалашәо крыҟоума? Шәабдуцәа абантәихҵәеи Аԥсны, иабанхоз ҭыԥла?

Орҳан Ашамба иԥҳа Зеррин Шамԥҳа - Sputnik Аҧсны
Зеррин Шамԥҳа: "Ацынҵәарах" санаԥхьо даҽакала сҟалоит, ҿыц саԥхьоушәа исзааиуеит

— Изларҳәо ала, сара сабду иаб усҟан дхәыҷын. Сабду иаб Зафас ихьӡын. Дара ахьтәаз Цәыжьқыҭ ҳәа иашьҭан. Асаӡқәеи аубыхқәеи дареи еигәылацәан. Иахьынхоз аҭыԥкәа рҟынтә иқәырхит. Уантә ихҵәаны арахь раԥхьа иаақәаз иреиуоуп. 1864 шықәса рзы иааит Бурса ааигәара, Енишьеҳир рҳәоит, уа аҭыԥ алхны ирырҭан, аха дара зышьцылаз ҭыԥны иҟаӡамызт, архагьы ыҟан, ацәаакыра рацәан, иамаабит. Ашьҭахь, Аԥсны иахьынхоз иреиԥшыз аҭыԥқәа алырхын инхеит. Ҳара ҳаныхәыҷқәазгьы ақыҭаҿы ҳаҟан, уа ҳааӡеит, аха уажә иаанхаз уа уаҩ дыҟам. Ҭырқәшәала Ельмабаҳча ҳәа иашьҭан. Хқыҭаҟны ишаны иҟан, аха рызегь еидукылар қыҭакны иҟалоит, Цәыжьаа. 

- Шәқыҭаҿы иарбан жәлақәаз инхоз?

— Еиҳараҩык Ашәыҟәбақәа ракәын, Абаӷбақәа, Аиакбақәа, Ԥысаа, Абӷаҟәақәа, Мыҷзаа, Цыҭәы, урҭ роуп исгәалашәақәо. Цәыжьаа Ҭырқәтәыла иахьтәаз Билеџьиқьи Енегиоли рыбжьара ауп. Ҵабалаа иреиуоу иаҳзааигәоу ақыҭақәа ыҟоуп. Саанеч рҳәоит, уи аханы Аленџьа, нас агәаҩахь уцоит. Ақыҭақәа рыбжьара шьапыла иныҟәон, амҩақәа ыҟамызт. Билеџьиқь зырҳәо ақалақь ахь  амҩа бжьан, ицон, иаауан. 

Сара саб Емдаҭ ихьӡуп, иԥсы ҭоуп. Ажәытәӡа иҟалақәаз аиҳабацәа аиҵбацәа рыдыртәаланы ирарҳәомызт. Харантә ираҳақәоз ракәын ирдыруаз. Дук иидыруа, игәалашәо егьыҟам саб. Уи даара гәалас имоуп уажәы. Ҷыдала ҳразҵааны, изҭаҳамҵаазеи ҳәа рхы гәыбӷан арҭоит. Сан Ԥысԥҳауп, Цәыжьаа дырхылҵшьҭроуп. Саб иан Нашҳаа дреиуан, сан лангьы Капԥҳан. Саб иан Ҳафизе лыхьӡын, сан лан Шьефиқа лыхьӡын. Сара сандуцәа сырхаануп. Раԥсшәа даараӡа ицқьан. Еиҳарак сан лан даара аԥсшәа лҳәон, акәашара дазҟазан, амырзакан алырҳәон. Санду 85 шықәса анылхыҵуаз амырзакан кны, иарҳәаны дкәашон. Амырзакан дашьҭаланы зны, аӡәгьы ианылзааимга, лыҟәрышьқәа ааизылган, машьынак ала дцаны измаз имхны иаалгеит. Убри аахысгьы иҳамоуп иара, 60 шықәса инарзынаԥшуа иахыҵуеит. 

- Шәара шәеиҳабацәа шәырхаануп, шәандуцәа, шәабдуцәа. Урҭ иныҟәыргоз аԥсуара, изықәныҟәоз аԥҟарақәа жәбарҭан. Иахьатәи ҳаԥсуареи усҟантәи еидышәкылозар, иахышәҳәаауеи?

— Сара дук аԥсуаа рыгәҭа снымхеит, ашколқәа рахь сцеит. Аха, ақыҭа ҳамааӡеи, аԥсуара агәыбылра ҳамоуп. Аԥсадгьыл шҳамаз анеилаҳкаа, ҳҭоурых, ҳкультура, ҳбызшәа, ҳҵас еиҳагьы ҳашьҭалеит. Аамҭа аҽаԥсахуеит, иӡыз ыҟоуп, еиқәхаз ыҟоуп. Атәым жәлар уанрылоу, узлоу акультура уныруеит. Уи гәалас иҳамоуп. Аԥсышәала саԥхьоит, аԥсшәа бзиа избоит. 

Елифи Фиген Ашьхаруаԥҳацәа - Sputnik Аҧсны
25 шықәса рышьҭахь Аԥсадгьыл еиҭах абара: аиаҳәшьцәа Ашьхаруаԥҳацәа хынҳәит

- Аԥсышәала аҩышьеи аԥхьашьеи анбашәҵеи?

— Усҟан 18 шықәса схыҵуан. Сашьеиҳаб симаны Абганба Ардашьани, Ԥапааԥҳа Маҳинури, Ҟәаԥсаргьен Орҳани, Ешба Биуленҭи ахьеидтәалаз дцеит. Аԥсуа нбан раԥхьа инықәырҵеит, саргьы даара иџьасшьеит. Аԥсышәала шәҟәык ыҟоуп ҳәа уаанӡа исмаҳацызт. Иаразнак исҵарц аԥшьызгеит. Мчыбжьык ала иагьысҵеит. Уинахыс аҩышьа, аԥхьашьа здыруеит. 

- Аԥсуа поетцәа ашәҟәыҩҩцәа рыӡбахә абанӡажәдыруеи, рырҿиара шәабанӡазааигәоу?

— Иреиҳау аҵараиурҭа санҭаз, ԥшьба хәба шәҟәы срыԥхьахьан. Урҭ санрыԥхьоз еиҳарак аҭоурыхтә хҭысқәа срышьҭан еилыскаарц. Убасҟан ауп Баграт Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах" санаԥхьазгьы. Уажәааигәа санаԥхьа, уи злаҩу абызшәа еиҳагьы џьашьахәыс исоуит. 

Абыргцәа рцәажәашьа еиқәырханы ҳара ҳҟынӡа иааргеит. Даара ауаҩ игәы иаахәаратәы иҟоуп. Сара ибзианы исгәалашәоит Баграт Шьынқәба, Џьума Аҳәба, Алықьса Гогәуа, Рушьбеи Смыр уҳәа ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәеи, хпоетцәеи рырҿиамҭақәа. Рҩымҭақәа срыԥхьацыԥхьаӡа исҳәо акоуп: "Ишԥабеиоу ҳаԥсуа бызшәа!". 

- Аԥсныҟа шәысаламқәа…

— Аԥсадгьыл аҭынчра азаазгаз рҿаԥхьа ҳхырхәоит, еснагь ргәалашәара ҳацуп. Уахьгьы арахьгьы ҳмаашьаӡакәа акрыҳаулап, акультура, аекономика, ақыҭанхамҩа уҳәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла ҳусқәа рҳәаақәҵара ҳалшааит. Сара Аԥсныҟа аибашьра ҟалаанӡа снеихьан. Аибашьра ашьҭахь изныкымкәа снеихьеит. Аибабара рацәахааит, усҟан агәыбылрагьы ҳабжьалоит.

- Иҭабуп ҳаиҿцәажәаразы! Аихьӡарақәа! 

Ажәабжьқәа зегьы
0