Мирзоиан: Аԥсны анормақәа рықәныҟәара ҳацәмаҷуп

© SputnikАхақәиҭра апарк
Ахақәиҭра апарк - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны абаҳча-парктә зонақәа рҭагылазаашьеи атәылаҿ аландшафт дизаин аԥҟарақәа амҩаԥгашьеи ртәы даҳзалацәажәеит Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә баҟақәа рыхьчареи рзы аминистрра аусзуҩ, аландшафт архитектор Наала Мирзоиан.

Sputnik, Асида Кәыҵниаԥҳа

– Наала, иаҳзеиҭашәҳәа Аҟәа ақалақь аҟны апаркқәа рҭагылазаашьа шыҟоу атәы.

– Аҟәа апаркқәа цәырҵит XIX ашәышықәса анҵәамҭазы. Сара сгәаанагарала урҭ аԥызҵоз, еиҿызкаауаз аҟазара змоу ауаа ракәын. Ақалақь ахы-аҵыхәа уахәаԥшуазар, иҟам аамҭак ашәҭқәа, аҵлақәа анымышәҭуа. Ак ашәҭра аниас, егьи ашәҭра иалагоит. Абас аӡынра анҵәамҭа инаркны аӡын алагамҭаҟынӡа аиаҵәара ҳалагылоуп.

– Иахьа иалшома уи аиаҵәара ишахәҭоу еиԥш аиқәырхара?

Азиа Риҵа - Sputnik Аҧсны
Ҷыҭанаа: Аԥсны аҳәырԥсаррақәа еиҳа ирацәахоит

– Ҳара иҳамоуп аҟазауаа, уи ахылаԥшра азҭо. Аха иара убри аан уи иазырхо амаҵзура аҟны аштатқәа азхом, иазхом афинансқәа. Уи иахҟьоит иажәыз аҵлақәа, ачықьқәа, ашәҭқәа реиҭакра ишахәҭоу иахьымҩаԥгам. Зегьы аамҭа-аамҭала ишахәҭоу аус рыдулалатәуп. Иаԥҵазароуп ашәҭра амзар. Уи инақәыршәаны ашәҭқәа реиҭаҳара мҩаԥугар, аамҭа еиԥымҟьаӡакәа ақалақь шәҭыла иҭалаҳазаауеит.

– Апаркқәа иахьатәи рҭагылазаашьа, рыԥшра ԥсахтәума?

–Мап. Акгьы аиҭакра аҭахӡам. Иҟаҵатәу анападкылароуп. Сгәы иаанагоит хымԥада иахәҭоуп ҳәа еснагь ибӷьыиаҵәоу, ишәҭуа аҵлақәа ишрықәнаго еиԥш еиҭаҳатәуп ҳәа. Дара рацәамзаргьы ҭыԥ-ҭыԥла иҟазароуп, обиектқәак

алрыԥшаауа иҟазароуп. Аландшафттә архитектура аԥара рацәаны изҭаху усуп.

– Урҭ аԥҟарақәа ишԥарықәныҟәо Аҟәа?

– Адунеи зегьы аҟны апаркқәа ауаҩы изыманшәалара иазырхоуп. Иазгәаҭоуп аԥсшьара азона, ахәмарырҭа азона, ахәыҷқәа рзы азона. Урҭ дара дара еиԥырхагамзароуп.

Аргылара дуқәа, акафе, аресторан уҳәа реиԥш иҟоу, аинфраструктура иаԥырхагоуп ҳәа ишьаны апарктә зонаҿ идыргылаӡом. Иахьазы Аԥсны урҭ зегьы ирықәныҟәоит сҳәар имцхоит. Ҭыԥ заҵәык анормақәа ирықәшәоит ҳәа ззуҳәо амшын аԥшаҳәаҿы иҟоу апарк ауп.

Строительство детской площадки в центральном парке Сухума - Sputnik Аҧсны
Ахәыҷтәы хәмарырҭа ҿыц Аҟәа иаартхоит

– Ацәажәара рацәа цәырнагеит афилармониа аҿаԥхьатәи апарк аҿы иаадыртыз ахәыҷтәы плошьчадка. Уи еиланагома апарктә зонақәа рыԥҟарра?

– Сара сгәаанагарала уи ахәыҷтәы плошьчадка иарбанызаалак нормак еиланагом. Акала еиҭанакуам апарк акомпозициа. Уи аҟара ацәажәара зцәырнагазгьы сзеилкаауам. Сара сзы апарк агәҭа иҟоу ашәҭҭыԥ еиҳа ацәажәара цәырнагар акәын ҳәа сахәаԥшуеит. Акыр ихьысҳауп.

– Амилаҭтә паркқәа рҟны ззин ыҟои ззин ыҟами шәрылацәажәар.

– Милаҭтә паркуп ҳәа иуԥхьаӡар алшоит Риҵатәи аҳәырԥсарра. Иахьынӡаздыруа ала уа аҭагылазаашьа есышықәса еиӷьхоит. Аха адунеи зегьы аҟны амилаҭ паркқәа рҵакырақәа рҟны акрыфарҭақәа рыргылара азин ыҟаӡам. Риҵа акәзар атәылаз ахьӡ ҟазҵо ҭыԥуп. Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵалароуп иара аиқәырхаразы, избанзар иара еиԥшу аҽак ҳаман ҳаҟам.

- Ақалақь ариаҵәаразы апроектқәа аус рыдырулома аминистрраҟны?

– Ҳәарада. Ҳара хылаԥшра аҳҭоит ақалақь аԥсабареи ахаҿреи хымԥада аиқәырхара. Иахәҭоу аԥҟарақәа ҳҽырҭагӡаны аусурақәа мҩаԥаагалар ажәытәи аҿатәи еиҿыбааны реицныҟәгара ауртә иҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0