00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:34
12 мин
13:59
0 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
18:00
31 мин
18:30
31 мин
21:00
31 мин
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Арсалиаԥҳа: "Интермузеи" ԥхьаҟатәи аусеицуразы иҭыԥ бзиоуп

© Sputnik Владимир ВяткинXIX Жәларбжьаратәи афестиваль "Интермузеи-2017".
XIX Жәларбжьаратәи афестиваль Интермузеи-2017. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа зхадараҟны дыҟоу Аԥснытәи аделегациа алахәуп XIX Жәларбжьаратәи афестиваль "Интермузеи-2017". Афестиваль аусура хацнаркит Москва, лаҵарамза 25 рзы.

АҞӘА, лаҵарамза 25 — Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аԥсны Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа зхадараҟны дыҟоу Аԥснытәи аделегациа алахәуп XIX Жәларбжьаратәи афестиваль "Интермузеи-2017". Афестиваль аусура хацнаркит Москва, лаҵарамза 25 рзы. "Интермузеи" ааиртит Урыстәыла Акультура аминистр Владимир Медински. Абри атәы Sputnik ахь ҭелла иаалыцҳаит аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.

Лара лажәақәа рыла Аԥсны Акультура аминистрреи Урыстәыла Акультура аминистрреи рнапы зҵарҩыз апрограмма иалнаршоит апроектқәа реицымҩаԥгара, аҟазауаа реимдара.

Аԥснытәи амузеи Москваҟа аекспозициақәа агоит - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи амузеи Москваҟа аекспозициақәа агоит

"Ари аҭыԥ ԥхьаҟазтәи аусеицуразы иҭыԥ шьахәуп. Аԥснытәи аекспозициа даҭааит Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба. Арахь иааиуеит аҟазара, анаука, акультура русзуҩцәа", — лҳәеит Арсалиаԥҳа.

Аминистр иазгәалҭеит аекспозициа аҭааҩцәа рзы аинтерес ду шаҵоу.

"Даара аинтерес рымоуп аетнографиа аекспозициа. Ари афорум аҟны Китаи, Сербиа уҳәа рмилаҭтә музеиқәа ҳрывагыланы ҳахьцәырҵуа даара аҵакы аманы иҟоуп", — лҳәеит Ельвира Арсалиаԥҳа.

Аминистр иазгәалҭеит апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа шымҩаԥысуа.

"Уаҵәы имҩаԥысраны иҟоуп Урыстәыла арестовраторцәа рыстол гьежь. Уи далахәхоит Баҭал Кобахьиа", — лҳәеит лара.

XIX Жәларбжьаратәи афестиваль "Интермузеи-2017" мҩаԥысраны иҟоуп лаҵарамза 29 рҟынӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0