Зыхә ҳараку аушьҭымҭа: заҟа иаԥсозеи ашкол алгара

Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҵара аминистрра адырраҭарақәа рыла ареспубликаҟны аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы амшныҳәа иаԥылоит 1 966-ҩык аҵаҩцәа. Арҭ аныҳәамшқәа рыламҭалаз, Sputnik Аԥсны иазнархиеит аныҳәатә харџьқәеи абжьаратә хәыԥсақәеи зныԥшуа аинфографика.

Арԥарацәа рзы ацәамаҭәеи аҭыԥҳацәа рцәамаҭәеи рыхәԥсақәа, ахаҿырхиара, авидеоҭыхра, авиниеткақәа, алентақәа уҳәа рыхәԥсақәа ҳкорреспондентцәа еилыркаауан аҳҭнықалақь адәқьанқәеи, аӡахырҭақәеи, аҽырԥшӡарҭатә салонқәеи аоператорцәеи рҟны. Аинфографикаҿ иарбоуп аушьҭратә ныҳәатә хәылԥазы ахәԥсақәагьы.

Ареспублика ашколқәак рҟны еиҿкаау аҭаацәаратә еилахәырақәа рлахәылацәа ражәақәа рыла, сынтәа аҵыхәтәантәи аҵәҵәеи уи иашьҭанеиуа ахәылԥазқәеи рзы ахарџьқәа маҷк еиҵахеит.

Иҟалап уи анырра анаҭазар Аҵара аминистрра иаднакылаз Адҵа "Азеиԥшҵаратә школқәа рҟны аушьҭратә хәылԥазқәа рымҩаԥгаразы". Адҵаҟны иарбан азин шыҟам иакымкәа иҩбамкәа ахәылԥазқәа рымҩаԥгареи зыхә ҳараку аҳамҭақәа раахәареи.

Инарҭбааны ажәабжь шәаԥхьар ҟалоит абра

Ажәабжьқәа зегьы
0