Sputnik
Ателеканал НТВ-и, иара убас, аинформациатә маҵзуреи арадио Sputnik Аԥсныи русеицура иабзоураны 12 шықәса зхыҵуа аԥсуа ҭыԥҳа аиааира лгеит "Ты супер" захьӡу ашәаҳәаратә проект аҿы.
Ари аицлабра мҩаԥысуеижьҭеи Аԥсны жәлар зегьы хшыҩзышьҭра азуны ирыцклаԥшуан Валериа Адлеиԥҳа лықәгыларақәа. Лара дцәырҵыцыԥхьаӡа ажәлар ргәадура иазҳауан. Ииашаҵәҟьаны, уаҩы иааџьеишьаратәы абаҩхатәра злоу Очамчыратәи алицеи-интернат аҵаҩы Лера ахәаԥшҩцәа лыршанхон даҽаӡәы диламҩашьо иаалырԥшуаз лашәаҳәара ала.
Аԥсуа ҭыԥха хәыҷы лықәгыларақәеи леихьӡарақәеи еиднакылеит жәлары зегьы. Ари аҩыза ахҭыс мҩаԥысхьан ҵыԥх уажәааны, Конифа адунеи ачампионат анымҩаԥысуаз. Усҟангьы, уажәеиԥш жәлары зегьы еишьхныԥсыланы иазыԥшын ҳампыласыҩцәа риааира. Усҟангьы, уажәеиԥш иаҳгеит — Аиааира. Иаҳгеит избанзар, уи ахҭыс зегь ирзеиԥшын, ҳтәыла ахьӡ ҭызгоз усын.
Абар, уажәы шықәсык анҵы, ҳауаажәлар ироуит даҽа ҳамҭак. Москва Кремльтәи ахан аҟынтә, адунеи зегьы иабарҭаны Валериа Адлеиԥҳа жәаҩык афинал ахь инеиз дыриааины актәи аҭыԥ лгеит. Имаҷҩым уахь Москваҟа Аԥснынтәи ицаз адгылаҩцәа, иубон азал аҿы аԥсуа бираҟ шыҩнашәыршәыруаз.
Аԥснынтәи уи иацклаԥшуаз зегьы, абжьааԥны рыҽшеиҩыршо акәымкәа, аӡәыкны, Лера лиааиразы смс рышьҭуан, ргәы ҭамгыло "даиааит" ҳәа лыхьӡ анырҳәо ҳәа иԥшын. Лаҵарамза 26 руха, Кремльтәи ахан аҟынтә аинтернт ахархәаҩцәа ироуан ишиашоу ицоз авидео дырраҭаракәа рбара. Ажәакала, зегь азыԥшын Аиааира. Жәҩангәашәԥхьарахеит, апроект "Ты Супер" аҿы актәи аҭыԥ лгеит Валериа Адлеиԥҳа" ҳәа иааиз ажәабыжь. Иҟалеит зегь еидызкылоз Аиааира!
Зегь раԥхьаӡа иргыланы, ҳазлацәажәо ашәаҳәаҩ хәыҷы, ԥсабарала аҟыбаҩ лылоуп, иҩбахаз, уи амузыка лзырҵоз лырҵаҩы Лика Ҵәыџьԥҳа илыбзоуроу маҷым, ихԥахаз, уи далзыԥшааз, дгәазҭаз Sputnik Аԥсны апродиусер Амина Лазԥҳа ллагала дууп.
Анаҩсан, Лера лиааира иацхрааит ажәлар рдоуҳа, рныҳәара, хаҭала алаикқәеи смсқәеи рыла Аԥсны инхо ауаа иҟарҵаз адгылара. Абарҭқәа ирҷыданы, Лера адгылара лырҭеит ҳтәыла аиҳабыра, Москва иҟоу ҳдиаспора. Ажәакала, аидгылара ду иабзоураны аԥсуа шәаҳәаҩ хәыҷы адунеи дахыҵәартә иҟалеит. Адлеиԥҳа лиааира акыраамҭа аԥсуа жәлар ирхамышҭуа иҟало хҭысуп. Агәаҟра дуқәа зхызгахьоу ҳара ҳауаажәлар, еснагь иазхьуеит ԥхьаҟа ҳазгаша аихьӡарақәа.
Аполитика инаваргыланы, ҳмилаҭ ӡырызго акәны иҟоуп аҟазареи, анаукеи рҿы аԥхьагылара. Урҭ аихьӡарақәа ҳҳәынҭқарра ӡырыргоит. Лера лиааира иарҿиаз агәышьҭыхра ҳаԥшны ҳцәажәозар, ҳамҩашьо иаҳҳәар ауеит, ҳажәлар еидукылар шауа акультуратә, асоциалтә уҳәа ҳаԥсадгьыл ԥхьаҟа изгаша аидеиақәа рыла.
Аполитикатә ҽеиҩшара ҳәа иахьа ҳазлацәажәо бжьаӡуеит, ажәлар ргәы ҭызго аусқәа рымҩаԥгарала. Лера Адлеиԥҳа лиааира даҽа знык агәра ҳнаргоит, аидгылареи, амҩақәҵареи ҳаур ԥьаҟа ицо милаҭны ҳшыҟало. Аматериалтә беиара мацара ҳҽаҳҭар, ҳдоуҳа амра ихнарҩаԥшьаазшәа иҟалар алшоит.
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит