00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
Сезон пикников
14:56
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:34
13 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:34
13 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ҳаџьымба: аԥсуа бызшәа иахьа ҳанахамҵгыла уаҵәы ихьшәахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы инеиҵыхыз аилатәара аҩаша лаҵарамза 30 рзы имҩаԥысит.
Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы инеиҵыхыз аилатәара аҩаша лаҵарамза 30 рзы имҩаԥысит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы инеиҵыхыз аилатәара аҩаша лаҵарамза 30 рзы имҩаԥысит.

АҞӘА, лаҵарамза 30 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа бызшәа ахаҵгылара иахьа иаҭамзар, уаҵәы ихьшәахоит, ҳазҿу ҳуысқәа зегь башахоит ҳбызшәа анаҳзымыхьча, иҳәеит Рауль Ҳаџьымба Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы инеиҵыхыз аилатәара аҟны аҩаша лаҵарамза 30 рзы.

Аилатәара иалахәын Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ахантәаҩы Беслан Барцыц, аминистрцәа, ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа. Ақалақьқәеи араионқәеи рҟны аҳәынҭқарратә бызшәа дырҵаразы акурсқәа реиҿкааразы лаҵарамза ҩба рзы Рауль Ҳаџьымба иҟаиҵаз адҵа ахьынӡанагӡоу азы азҵаара ықәиргылеит. Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит аԥсуа бызшәа ахархәара иахьа иаҭамзар, уаҵәы ари азҵаара ахаҵгылара хьшәахар ҟалоит. 

"Амза ҩба рзы иҳадаҳкылаз адҵа сгәы иаанагоит зегь рҟынӡа инаӡеит ҳәа, аус аура аҭахуп. Аԥсуа бызшәа иҳәынҭқарратә бызшәоуп ҳәа аконституциа иананаҳҵа, ҳарҭ ҳанацымныҟәа, даҽа милаҭк ацныҟәартә еиԥш аҭагылазаашьа зыҟалаӡом", — иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Уи иахәҭоуп ҳәа азиԥхьаӡоит аԥсуа бызшәа арҵаразы акурсқәа ақалақьқәеи араионқәеи рҟны раартра.

Авидеонҵамҭа шәахәаԥшыр ҟалоит абра

"Уи иаанаго ҳҳәынҭқарра астатус аҳаракра, ашьҭыхра, даҽакала згәы иаанаго, даҽакала зхы аҽызыхьчарц зҭаху ари азҵаара уи ихы ижьеит ауп иаанаго. Аусқәа зегьы уахыки ҽнаки рыла ишыҟамло ибзианы издыруеит, аха ҳарҭ абри азҵаара анагӡара иахьа ҳаламгар, уаҵәы ҳацымныҟәар, уаҵәашьҭахь аԥсуа ҳәынҭқарра аԥеиԥш амамкәа иаанҳажьуеит", — инаҵшьны иазгәеиҭеит ахада.

Аԥсны аԥыза-министр Беслан Барцыц иажәақәа рыла, ари ашықәс иалагӡаны Аминистрцәа Реилазаара аусура аԥсуа бызшәахь ииагахоит.

"Сгәы иаанагоит ари агәҭакы аихьӡара аиуп ҳәа. Изӡаӡом, Аминистрцәа Реилазаараҿы иҟоуп иаԥсыуаам, аԥсышәала ацәажәара зцәыуадаҩу, урҭ аган иавамхарц азы, аԥсшәахьтә аурысшәахь еиҭазго амаругақәа ааҳгоит. Ҳбызшәа астатус ашьҭыхразы ихадараӡоу ахархәара ауп, ахархәара аимоур ҳбызшәа иага программа аԥаҳҵаргьы, иага курс еиҿаҳкааргьы алҵшәа ҟалаӡом", — иҳәеит Беслан Барцыц.

Ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа рцәажәарақәа раан иазгәарҭеит аԥсуа бызшәа арҵаразы иҷыдоу акурсқәа реиҿкаара шхацдыркхьоу, џьара-џьара ус еиԥш иҟоу акурсқәа уаанӡагьы аус шыруаз. Ишазӷәаҭоу ала, аԥсуа бызшәа арҵаразы раионцыԥхьаӡа курск еиҿкаахоит. Урҭ рҟны аус зуа аспециалистцәа руалафахәы ашәара араионқәа рхадацәа рхахьы иргеит.   

Ажәабжьқәа зегьы
0