Гиви Агрба игәалашәара иазку ашьапылампыл азы атурнир мҩаԥысуеит Аҟәа

© Sputnik / Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГиви Агрба игәалашәара иазку ашьапылампыл азы атурнир мҩаԥысуеит Аҟәа
Гиви Агрба игәалашәара иазку ашьапылампыл азы атурнир мҩаԥысуеит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гиви Агрба игәалашәара иазку ашьапылампыл азы атурнир мҩаԥысуеит Аҟәа. Иара иалахәхоит Аҟәа, Гәдоуҭа, Афон ҿыц рҟынтәи ашьапылампылтә командақәа.

АҞӘА, лаҵарамза 31 — Sputnik, Бадри Есиава. Гиви Агрба игәалашәара иазку ашьапылампыл азы атурнир мҩаԥысуеит Аҟәа. Иара иалахәхоит Аҟәа, Гәдоуҭа, Афон ҿыц рҟынтәи ашьапылампылтә командақәа. Атурнир мҩаԥысраны иҟоуп Ареспубликатә стадион "Динамо" аҟны ахаша, лаҵарамза 31 рзы. Абри атәы ҳаиҳәеит акоманда "Динамо-Сухум" азыҟаҵаҩ Мераб Кәакәасқьыр.

"Атурнир Аԥсны Афырхаҵа Гиви Агрба игәалашәара иазкуп. Атурнир иалахәхоит ашьапылампылтә командақәа ԥшьба. Иара иалагоит асааҭ 16:00 рзы", — иҳәеит азыҟаҵаҩ.

Атурнир мышкы ицоит, иара иалахәхоит 2008 — 2009 шықәсқәа рзы ииз ашьапылампыл асыҩцәа.

Аԥсны Афырхаҵа, Аинрал-леитенант Гиви Агрба диит мшаԥымза 4 1937 шықәса рзы. 1972 – 1974шш. рзы аус иуан Аԥснытәи АССР Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны. 1974 – 1979шш. рзы КПСС Аԥснытәи обком административтә органқәа рыҟәша даусзуҩын. 1979 – 1992шш. рзы Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны еиуеиԥшым анапынҵақәа неигӡон. 1992 шықәса рзы Аԥсны аҩныҵҟатәи ар рполк акомандаҟаҵаҩыс далхын. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра раԥхьатәи амш инаркны абџьар икын.

Дрылахәын Шроматәи, Ииультәи, Сентиабртәи ажәыларақәа. Гиви Агрба аибашьра ашьҭахь аҳҭнықалақь акомендантс дыҟан, дыҟан Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩыс, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрс, Ашәарҭадара амаҵзура ахантәаҩыс. Аԥсны Афырхаҵа Гиви Агрба ианашьан аорден "Ахьӡ-Аԥша" II аҩаӡара. Гиви Агрба иԥсҭазаара далҵит нанҳәа 27 2014 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0