00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
2 мин
Инструкция по применению
14:57
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
2 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Узбекисҭантәи амаланыҟәарныҟәаҩ Аԥсны далсны Ҭырқәтәылаҟа ихы хоуп

© Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАдахан Хасанов Аԥсны далсны Ҭырқәтәылаҟа ихы хоуп
Адахан Хасанов Аԥсны далсны Ҭырқәтәылаҟа ихы хоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥшь-нызқь километра рҟынӡа дырхысхьеит Ҭырқәтәылаҟа анеира зыгәҭаку узбекисҭантәи амаланыҟәарныҟәаҩ Адахан Хасанов.

АҞӘА, лаҵарамза 31 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Ԥшь-нызқь километра рҟынӡа дырхысхьеит Ҭырқәтәылаҟа анеира зыгәҭаку узбекисҭантәи амаланыҟәарныҟәаҩ Адахан Хасанов. Иара уажәы Аҟәанӡа дааихьеит.

Арадио Sputnik аинтервиу аҭо Хасанов иҳәеит, иара ишихықәку амаланыҟәатә туризм аҿиара рыларҵәара.

"Сара сныҟәарала ауаа рыларҵәара сҭахуп аиҩызара ажәларқәа рыбжьара", — иҳәоит Хасанов.

Хасанов иажәақәа рыла Ҟазахсҭани Урыстәылеи дрылсны Ташкентынтәи Аҟәанӡа иаара ҩымз дадхалеит. Абри аамҭала иара ԥшьнызқь километра дахысит.

"Сымҩаҟны исԥылеит агәыҭбаара ду здызбалаз аӡәырҩы. Ус иҟоу ауаа рацәаҩуп Аԥсынгьы. Сара ара сыԥхьареи сыфареи рзы мааҭкгьы аӡәгьы исымимхит", — иҳәеит иара.

Аԥсны абаҩырҵәыреи аспорти рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ицхырааҩ Артур Адлеиба иазгәеиҭеит аныҟәаҩ Аԥсны дшааиз еиԥш аҳәынҭеилакы ахь дышнеиз.

Ташкенттәи амаланыҟәарныҟәаҩ иҳәеит аҽа мышқәак Аԥсны аанхара игәы ишҭоу, нас Қырҭтәыла далсны Ҭырқәтәылаҟа ацара шигәҭаку.

Артур Адлеиба ақырҭуа ҳәааҟны аныҟәаҩ апроблемақәа изцәырҵыр ҳәа ашәара имоуп. Амаланыҟәарныҟәаҩ иакәзар, усеиԥш ҟаларым ҳәа дгәыӷуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0