Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа
Шәачатәи аҳаиртә баӷәазаҟны Валериа илԥылон жәаҩыла илзыԥшыз. Урҭ ирыцлон аҳаиртә баӷәазаҟны зымҩа иаԥшызгьы. Урҭ зегьы еицҿакны ирҳәон: "Лера, ты супер!".
Аԥсуа кәашаҩцәа Валериа лзы ҷыдала иаздырхиаз акәашара нагӡаны, лара лхаҭагьы ддыркәашеит.
"Сара сгәы иаанагомызт ариаҟара ауаа сԥыларц иаауеит ҳәа. Оумашәа агәахәара снаҭоит асеиԥш адгылара ахьсырҭо", — лҳәеит лара.
Лереи илԥылози аԥсуа-аурыс ҳәаа иахьаахысыз шәҩыла ауаа аплакатқәеи абираҟқәеи кны дызҭаз амашьына иаакәшеит. Амашьына дышҭыҵыҵәҟьаз шәҭыла дхырҩеит. Аиԥылара иалахәыз ирҳәон Валериа лиааира Денис Царгәыши аԥсуа команда ConIFA ачемпионат аҟны риааиреи ишреиԥшныршьалоз.
Атәыла Ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа иакәзар Валериа Адлеиаԥҳа илзикит ажәеинраала.
"Сара зегьы срыдныҳәалоит. Иаҳҭахуп баԥхьаҟагьы ақәҿиарақәа боуларц, еицҳауларц. Агәра згоит ус шакәхо", — иҳәеит Аҵара аминистр Адгәыр Какоба.
Валериа лакәзар лгәырӷьара ҳәаа амамкәа еизаз ҭабуп ҳәа ралҳәеит илырҭоз адгыларазы.
Лера Аԥсныҟа дхынҳәит аконкурс "Детская Новая волна 2017" лхы аналалырхә ашьҭахь. Уахь лара днеиԥхьеит амузыкант, акомпозитор Игорь Крутои.