Ҳаџьымба АКЦ азы: изгәамԥхо ҟаларгьы иара аԥҵахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукРауль Ҳаџьымба апресс-конференциа мҩаԥигеит
Рауль Ҳаџьымба апресс-конференциа мҩаԥигеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба апресс-конференциа мҩаԥигеит ахаша рашәара 7 рзы.

АҞӘА, рашәара 7 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсныи Урыстәылеи Иаку Ринформациа-координациатә Центр аԥҵахоит, иҳәеит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба рашәара 7 рзы имҩаԥигаз апресс-конференциаҿы. 

"Изгәамԥхо ҟаларгьы иара аԥҵахоит. Шьоукы агәаанагара рымоуп, АКЦ ҳара ҳзакәанқәеи ҳ-Конституциеи ирықәшәом ҳәа, уи ус акәым", — ҳәа азгәеиҭеит Ҳаџьымба.

Аинформациа-координациатә Центр аԥҵара Аԥсны Аҩныцҟатәи аусқәа рминистрра аусура иаԥырхагахом, иҳәеит атәыла ахада.

"Ацентр аҿы ауыс рулоит ҩажәаҩык, урҭ рҟынтәи абжаҩык ҳара ҳусзуҩцәа роуп", — ҳәа ациҵеит Ҳаџьымба.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба адепутатцәа ҷыдалатәи ртәанчахәы азы: ҳааԥшыроуп

Атәыла ахада игәаангарала, Аинформациа-координациатә Центр аԥҵара иалнаршоит атехникатә лшарақәа реизырҳареи аусура аиӷьтәреи.

Лаҵара 18 рзы Шәача ақалақь аҟны Иаку Аинформациа-координациатә Центр аԥҵаразы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Аслан Кобахьиеи Урыстәылатәи Афедерациа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Игорь Зубови.

Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба апресс-конференциа мҩаԥигеит ахаша рашәарамза 7 рзы. Далацәажәеит аҳәынҭқарра аекономикеи, ашәарҭадареи, акурорттә усхки егьырҭ еиуеиԥшым азҵааракәеи рзы имҩаԥнаго аусқәа ртәы.

Ажәабжьқәа зегьы
0