Sputnik, Сырма Ашәԥҳа
Анхәа-аԥсыуа қыҭа шьхоуп. Уи шьҭоуп Афон Ҿыц ақалақь азааигәара. Иҟоуп инхо аԥсуа ҭаацәарақәа, иҟоуп иара убас ақалақь ахь илбаақәазгьы. Аха, урҭ идырӡӡом рабацәа ргәараҭа, рыбла ҷыц еиԥш иахӡыӡаауеит ирзынрыжьыз раԥсуара. Аԥсы ҭоуп ажәытәтәти рхәышҭаарақәа, иҩарышьҭуеит рылҩаҵә. Зегь рыла еиқәханы иҟоуп аԥсуа қыҭа ахаҿра. Ирацәоуп араҟа улаԥш хызкуа аҭыԥ ԥшӡақәа. Урҭ ирызку жәлар рҳәамҭақәа. Анхәа ақыҭа аҿы инхо Зулиета Қардиаԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит ҳәамҭак.
"Ажәытәан ҩыџьа аиҳәшьцәа ыҟазаарын. Урҭ аиҳәшьцәа арԥызбак деицыргәаԥхеит. Арԥыс ижәла Ҭраԥшьын. Ацҳаҿы итәаны иӡбахә ишалацәажәоз аиҳәшьцәа ргәы аанибархан, руаӡәык лаҳәшьа длыгәҭасит, иаразнак лыҽлызнымкылакәа ҵаҟа алеира далагеит. Убри аамҭазы гәыҩбарак ҟамҵакәа лаҳәшьа лнапы аанылкылеит. Абасала, рҩыџьагьы машәырны аӡы иаанахәеит. Убри нахыс Анхәа иҟоу аӡҭачы "Аҭыԥҳацәа ркаҳарҭа" ҳәа иашьҭоуп", — лҳәеит Зулиета Қардиаԥҳа.
Амҳаџьырра аамҭазы, Аԥснынтә ихырҵәаз аԥсуа жәлақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан Анхәа ақыҭа инхоз Ҭраԥшьаагьы. Урҭ шәыҭӡык инарзынаԥшуа иҟан.
"Сара Анхәа ақыҭа саналанагала, уи аԥшӡара акырӡа сыхнахит. Убас еиԥш ауаа бзиақәа, абыргцәа ҟәыӷақәа ыҟан, рыхшыҩзцарақәа еснагь исгәалашәоит. Аҿар рацәан, анхара-анҵыра аганахь ала зегь рыла ҳаиқәшәан. Аха, нас аибашьра ҳахьӡеит. Уи иара атәы ҟанамҵар амуит, иҳацәҭахаз рацәаҩхеит, згәараҭа зынӡа ашә акқәазгьы рацәаҩхеит. Сара сыҩнрахеижьҭеи, Ҭраԥшьаа ҭацас срыланагалеижьҭеи акыр шықәса ҵуеит.
Ҭраԥшьаа иреиуаны аибашьра ҟалаанӡа, Ҭырқәылантә аӡә даҳзаахьан. Усҟантәи ҳгәырӷьара ҳәаак амазма?! Иҟан аамҭақәа, ҳаибабарақәа ирԥырхагаз анырацәаз. Аӡәызаҵәык аҳәаанырцәынтә ила аҭаԥшра ҳара ҳзы ԥсҭазаарак ианаҩсуаз. Еҳ, анаџьалбеит, ҳажәлар рыцҳа ирхыргахьагәышьоузеи… Анцәа иџьшьаны иахьа аигәныҩра ҟалеит. Аԥсуаа нырцәи-аарцәи ҳәа еиҟәшаз, еимаздо ацҳа рыбжьало иалагеит", — дцәажәон Зулиета.
Зулиетта дазгәыдуны еиҭалҳәон, аибашьра ашьҭахь ҩаԥхьа Ҭырқәтәылантәи ирзааз Рушьҭу Ҭраԥшь иӡбахә. Лара иаҳзеиҭалҳәеит Аԥснынтә ахҵәара иақәшәаз иабдуцәа анахыргоз иазкны иаҳаз аӡбахә.
Иара излаиҳәо ала, Аԥснынтә ихырҵәаз Ҭраԥшьаа ирыцын Аргәынааи Смырааи. Урҭ Ҭырқәтәыла иахьнанагаз, Амшын Еиқәа азааигәара иҟоу Синоп ҳәа иахьашьҭоу рҭыԥ ылырхызаап. Уи нахыс атәым жәҩан аҵаҟа рыԥсҭазаара мҩасуан. Рушьҭи ҳареи ҳаиԥырҵра ус имариамызт, уи иацын еиқәыртәашьа змамыз ахьаа, ҳәа ҩаԥхьа ацәажәара дналогон Зулиета.
"Аԥсадгьыл иадырганы, иабдуцәа иртәышьҭраны Рушьҭу иашьцәа Ҭырқәтәылаҟа игарц азы ирҭеит аӡахәа. Зыԥсадгьыл Аԥсны ԥшӡа збара иахьымӡаз иабдуцәа анышә иахьамадоу еиҭеиҳарц. Рабацәа урҭ рабацәа иркәалшьҭроуп. Анцәа иҳәааит убас еиԥш, иҭацәыз адгьылқәа, мышкы зны аԥсуаа ҭырҭәааны ишынхоз еиԥш еиҵаҩҩы иҟаларц. Ҳажәлар уаҳа цәгьара рзааумган, абзиарақәа рацәаны ирԥеиԥшзааит. Ҳабжьы заҳауа аӡәыр дыҟазар, ҳрыҳәоит, абааԥсы, рыҩныҟа ихынҳәааит. Ҳарзыԥшуп", — абраҟа еиқәылҳәалеит Зулиета лажәабжь луанытә дқәыԥсычҳауа.