Аԥсныавтомҩа: Ԥсоу инаркны Аҟәанӡа ахаҳә ахьлеиуа аҭыԥқәа рҟны аихатә каҭақәа ықәыргылахоит

© Sputnik Илона Хварцкия / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРиҵа амҩа
Риҵа амҩа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Аԥсныавтомҩа" адиректор хада Борис Ачба далацәажәеит ацентртә трассаҟны иазыԥхьагәаҭоу аусурақәа ртәы.

АҞӘА, рашәарамза 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ԥсоу инаркны Аҟәанӡа ахаҳә ахьлеиуа аҭыԥқәа рҟны аихатә каҭа ҷыдақәа ықәыргылахоит, абри атәы иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭоз "Аԥсныавтомҩа" адиректор хада Борис Ачба.

"Гагра инаркны Ԥсоунӡа иҟоуп х-ҭыԥк ахаҳә леир ахьалшо, ацаҟьа аӡы иахьыҵнаӡәӡәаауа", — иҳәеит Ачба.

Ааигәа абри аҭыԥ аҟны аԥсҭбара зцыз ахҭыс аҭыԥ аман. Уи ашьҭахь иааԥхьан Шәачатәи аҟазауаа.

"Дара зегьы гәаҭаны иахысит. Уажәы аматериалқәа иаздырхиаз ҳарҭоит. Аҽазнык усеиԥш арыцҳара ҟамларц иахәҭоу зегьы еиҿкаахоит", — иҳәеит Ачба.

Уи адагьы ашәарҭадараз амҩа Очамчыра-Аҟәа лашарала еиқәыршәахоит.

Ачба иазгәеиҭеит абри азҵаара аӡбраз атәыла Ахада ауснагӡатәқәа идикылараны дшыҟоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0