Витали Габниа: ААМ (ГСО) аҭакԥхықәра ду амоуп аҳәынҭқарраҿы

© Sputnik / Томас ТхайцукАтәыла Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа
Атәыла Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахьчара аҳәынҭқарратә Маҵзура 25-шықәса ахыҵра инамаданы атәыла Ахада Иусбарҭаҟны аиԥылара мҩаԥысит.

АҞӘА, рашәарамза 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ахьчараз аҳәынҭқарратә Маҵзура аҭакԥхықәра ду иаҵагылоуп, иҳәеит Ахьчара аҳәынҭқарратә Маҵзура 25-шықәса ахыҵра инамаданы атәыла Ахада Иусбарҭаҟны имҩаԥгаз аныҳәатә еиԥылараҟны атәыла Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа.

"Шәареи ҳареи командакны ҳаҟоуп. Ҳара ҳхадараҿы игылоу атәыла Ахада иоуп. Шәара шәыгхақәа зегьы иара ихьӡ-иԥша ладырҟәуеит", – иҳәеит иара.

Аҳәынҭқарратә мчра аорганк аҳасабала иреиҳаӡоу амаҵзурауаа рыхьчараз амаҵзура Асовет Еидгыла аамҭақәа раан ихацыркхеит.

"Усҟантәи аамҭақәа аҽа аамҭақәан. Рҿаԥхьа иқәгылаз адҵақәагьы аҽакын. Усҟан атәыла Ахада илакьысра аӡәгьы игәы иҭашәомызт", — иҳәеит Габниа.

Ари амаҵзура анапынҵақәа азинеиҿкаара знапы иану аҽа структурақәак рнапы иузанҵом, ҳәа азгәеиҭеит Ахада ихаҭыԥуаҩ.

"Ари амаҵзурахьы иадыԥхьалатәуп аԥсадгьыли уи анапхгареи гәыла-ԥсыла ирзыҟоу ауаа", — иҳәеит Габниа.

Витали Габниа даԥхьеит атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба идныҳәаларатә шәҟәы.

"Атәыла Ахада ишәарҭадара Аҳәынҭқарратә маҵзура аилазаара аԥҵан иуадаҩыз аибашьра аамҭақәа раан, атәылеи иара анапхгареи рзы ашәарҭара ду аныҟаз. ААМ аҳәынҭқарреи уи анапхгареи рыхьчараҿы азыҟаҵара бзиа аадырԥшуеит", — ҳәа аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәы аҟны.

Ахьчара аҳәынҭқарратә Маҵзура 10-тәи аҟәша аиҳабы Руслан Басариа иазгәеиҭеит Амаҵзура 25-шықәса ахыҵра Аԥсны аҭоурых азы аҵакы дуны ишыҟоу.

"ААМ аԥҵара – Аԥсны ахьыԥшымра атрибутқәа ируакуп. Иара ахыҵхырҭаҟны игылан Владислав Арӡынба аԥхьа днаргыланы ҳтәыла аиҳабыра", — иҳәеит иара.

Реиҳа иуадаҩыз аамҭақәа раан иаԥҵаз Амаҵзура иахьагьы ҳаҭыр дула анапынҵақәа рынагӡара иаҿуп, иҳәеит Руслан Басариа.

Ажәабжьқәа зегьы
0