АҞӘА, рашәарамза 16 – Sputnik. Аиҿахысраҿы ирхәыз Иулиан Бобуа иахьа ареспубликатә хәышәтәырҭахь днаргеит. Абри атәы аалыцҳаит Аԥсны Апрокуратура хада апресс-маӡаныҟәгаҩ Рада Сангәлиаԥҳа.
"Рашәарамза 15 2017 шықәса, асааҭ 15:00 рзы Аҟәа, Аиааира амҩаду аҩны №142 ашҭаҟны ишьақәыргылам ахаҿы 1981 шықәса рзы ииз Аԥсны атәылауаҩ Бобуа И.Л. диехсит", — лҳәоит Сангәлиаԥҳа.
Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Руслан Смыр иажәақәа рыла Бобуа амедицинатә хәышәтәырҭаҟны дԥырҟеит.
"Бобуа иарӷьа жәҩахыр ахы алоуп ишьапы иалҟьеит. Уажәтәи аамҭазы аоперациа ацара иаҿуп", — иҳәеит Смыр.
Апрокуратура хадаҟны ирҳәеит апрокуратура ашьаусҭҵааҩцәеи аоперативтә маҵзурақәа рхаҭарнакцәеи аҭыԥ аҭҵаара ишаҿу. Имҩаԥысуеит аоператив-ԥшааратә усурақәа.