Дмитри Маршьан дазааҭгылеит лассы-лассы азакәан еилагара зыхҟьо атәы
Ачынуаҩ иоума, егьыс ауаа роума, рсоциалтә ҭагылазаашьа зеиԥшразаалак — азакәан зегьы ирзеиԥшзароуп, абри атәы иҳәеит Дмитри Маршьан.
"Ауаа агәынамӡара роуеит, уи ииашоуп. Избан акәзар, ԥыҭҩык ауаа дара рзы азакәан захьӡу зынӡа ашәҟәы ианымкәа иҟоуп. Ачынуаҩ ишакәым дизныҟәар ҟалоит, уи аан апрокуратуреи аӡбаҩцәеи дара рзы иҟам. Ауа-ҭынха рыла апроблемақәа рыӡбара иашам. Уи аҵыхәа пҵәатәуп", — ҳәа азгәеиҭеит Маршьан.
2016 шықәсазы Аԥсны Апарламент ауаҩытәыҩса изинқәа рзы азинмчнагӡа змоу иакәны дшьақәнарӷәӷәеит Дмитри Маршьан.