Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аслан Аҩӡба: аҭоурых здыруа ижәлар рлахьынҵа идыруеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАҭоурыхҭҵааҩ, апублицист, аҭоурыхтә наукақәа рдоктор Аслан Аҩӡба
Аҭоурыхҭҵааҩ, апублицист, аҭоурыхтә наукақәа рдоктор Аслан Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭоурыхҭҵаара инапы шаликызи, инаукатә усумҭақәеи ртәы Sputnik арадиостудиаҟны дазааҭгылеит аҭоурхҭҵааҩ, аҭоурыхтә наукақәа рдоктор Аслан Аҩӡба.
Аслан Аҩӡба дазааҭгылеит аҭоурыхҭҵаара инапы шаликыз атәы

Аҭоурыхҭҵааҩ, апублицист, аҭоурыхтә наукақәа рдоктор Аслан Аҩӡба далахәын Аԥснытәи аџьынџьтәылатәи еибашьра. Аус иуан Аацытәи абжьаратә школ аҭоурых рҵаҩыс. Аԥснытәи аҳәынҭкарратә университет аҿы доцентс дыҟоуп, иара убас аус иуеит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аԥсуаҭҵааратә институт аҟны. Иара 40 инареиҳаны анаукатә усумтақәа дравторуп. 

"Раԥхьатәи сышәҟәы Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҭҵаара иазкын, уи аус саҿуп иахьагьы аӡәыр аинтерес имазар. Исгәалашәоит, урысшәыла иҟан иара", — иҳәоит Аҩӡба.

Аҭоурых здыруа ижәлар рлахьынҵа идыруеит, ҳәа иԥхьаӡоит аҭоурыхҭҵааҩ. 


Ажәабжьқәа зегьы
0