АҞӘА, рашәарамза 23 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Радио Sputnik аинтервиу азҭоз аеколог, аекологиатә мониторинг Аԥснытәи аҳәынҭқарратә центр адиректор ихаҭыԥуаҩ Ольга Пустоварова илҳәеит амшынӡы мызкахь ҩынтә игәаҳҭоит, иара анормативқәа ирықәшәо иҟоуп ҳәа.
"Амшынӡы аҭагылазаашьа еснагь игәаҳҭоит. Аӡынразы — мызкахь знык, аԥхынраз, мызкахь – ҩынтә. Агәаҭарақәа мҩаԥаагоит аӡҭаларҭақәа ахьыҟоу. Ауаа рҽахьыркәбо, аӡқәа амшын иахьалало", ҳәа еиҭалҳәоит Пустоварова.
Аекологиатә мониторинг Аԥснытәи аҳәынҭқарратә центр адиректор ихаҭыԥуаҩ Ольга Пустоварова лажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи алабараториатә ҭҵаарақәа мҩаԥган лаҵарамза анҵәамҭази рашәарамза агәҭази.
Алабараториатә еихшьаалақәа рыла иазгәаҭоуп амшынӡы ишьақәыргылоу анормативқәа ирықәшәоит, ауааԥсыра ргәабзиара ԥырхага анаҭо иҟам ҳәа.