Қырҭтәыла аҽазныкгьы амч ахамырхәаразы аиҿцәажәарақәа рҽрыцәхьаркит

© Sputnik / Владимир Федоренко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраҚырҭтәыла аҽазныкгьы амч ахамырхәаразы аиҿцәажәарақәа рҽрыцәхьаркит
Қырҭтәыла аҽазныкгьы амч ахамырхәаразы аиҿцәажәарақәа рҽрыцәхьаркит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рашәара 20-21 2017 шықәса рзы Женева имҩаԥысит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа 40 рраунд.

АҞӘА, рашәара 23 – Sputnik. Актәи аусутә гәыԥ аҟны Женеватәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа еицҿакрыла ирыдыркылаз амч ахамырхәараз апроект ашьҭахь еицыҟарҵараны иҟаз аҳәамҭа Қырҭтәылатәи аган апозициа иахҟьаны ирыдрымкылеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ ишырҳәо ала, Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа 40 рраунд аан ҷыдала азхьаԥшра аман Аԥсныи Қырҭтәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи амч ахамырхәаразы адокумент анапаҵаҩра.

Аԥснытәи аделегациа напхгара аиҭоит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба.

"Аиҿцәажәарақәа раан ирылацәажәан еиуеиԥшымыз, Аԥсны Аҳәынҭқарраз аҵакы зманы иҟаз азҵаарақәа, ирыхцәажәан Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу аҭагылазаашьа еицакны, Қырҭтәыла ишагәаԥхо еиԥш адунеи ирылазырҵәо жәларбжьаратәи аструктурақәа, Еврохеилак, НАТО Апарламенттә Ассамблеиа уҳәа реиԥш иҟоу", ҳәа аҳәоит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рпресс-маҵзура.

Иара убасгьы аиҿцәажәарақәа раан Аԥсныи, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Урыстәылатәи афедерациеи иазгәарҭеит Қырҭтәылеи НАТОи реизааигәахара агәҭынчымра шырнаҭо.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа аинформациа ала, ҷыдала азхьаԥшра аҭан ООН Ассамблеиа хада аилатәараҟны рашәара 1 азы ирыдыркылаз ахҵәацәа рзы арезолиуциа апроект аполитикатә ҟазшьа ахьаҭаз. Иагьазгәаҭан ари азҵаара қырҭтәылатәи аган Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи злахәым егьырҭ жәларбжьаратәи аиҿцәажәаратә ҭыԥқәа рҟны иахьцәырнаго иашам ҳәа.

Изаамҭанытәиу Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа 41 рраунд амҩаԥгара азыԥхьагәаҭоуп жьҭаара 10-11 2017 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0