Акәыбырқәеи асоветқәеи

© Sputnik / Томас ТхайцукАминистрцәа реилазаара
Аминистрцәа реилазаара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә хеилакқәа (асоветқәа) раԥҵара ҳҳәынҭқарразы иахьынӡахәарҭоу дазааҭгылоит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Sputnik

Ақәауншьҭахь акәыбрқәа рымҵәыжәҩақәа ааибыҭаны еиҭанаҳажәлеит. Ҳдырцәом уахынла урҭ агәымхақәа. Аамҭа-аамҭала аҩынқәа рыҵаҟа урҭ нзырҵәоз ахәшәқәа ыҵарҭәалон, аха акәыбрқәа аԥсҭазаартә иммунитет змоу амаҵаԥақәа, акы иаго иҟоума, ишҳалагьежьыц иҳалагьежьуеит.

Аԥсҭазаара аҭагәҭасра иаркараз, уахынла ацәа уҽоуҭарц угәы ианааҭоукуа, иаацәырҵуеит дара аанкылашьа рымамкәа. Ҳара ҳаҩнаҿы, акәыбырқәа ӡынгьы-ԥхынгьы иҟоуп, избанзар ақәауншьҭахь аҩны аҵаҟа дара рыҿиаразы иманшәало аӡбаарра ҟасҟо иҭатәоуп.

Абасала, акәыбырқәа ҳаԥсҭазаара иахәҭаку, инервфагоу маҵаԥақәаны иҟагәышьоуп. Алафҳәара бзиа избоз апоет Таиф Аџьба СССР ахаангьы игәыгәхаха иҳалаз акәыбырқәа ажәеинраалагьы рзикхьан: 

Схыза сҽылаҳәан сышьҭоуп,

Аԥхын шоурагьы хьанҭоуп,

Аԥхӡы сылхәаҭан ицоит,

Аха сцәыҵыҳәҳәар – сырфоит.

Аԥхарра адгьыл ианаақәла, асоветқәагьы рҿаархеит. Урҭгьы нервфаганы ҳаԥсҭазаараҿы маҵаԥаҵас иҿиоит. Асоветқәа рхыԥхьаӡара ауаажәлар рыԥстазаара акы ианыԥшуагьы иҟам аха, иҟоуп дара, избанзар, иалоу ргәы иахәоит. Асовет ауаҩы даналоу, ихы ду беиа ибо дааҟалоит, акгьы ҟаимҵаргьы, ибиографиа ианпыҟҟала ианызаауеит асоветқәа дышрылоу.  

Уажәы ааигәа "ахьтәы Парламент" азы 50 нызқь иаҳәаз Ауаажәларратә Палата имҩаԥнагеит изаамҭанытәым аилатәара. Уи азкын акриминогентә ҭагылазаашьа. Иҟалша аныҟала, зыԥсы ӡаны итәаз Апалата, абри атема алацәажәаразы Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба ааԥхьара ирҭеит.

Встреча президента с общественной палатой - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба: ауаажәларратә хеилакқәа ААР (МВД) аҟны адагьы иҟазароуп

"Амчра авторитет акаҳара иаҿуп ҳәа ирҳәо сақәшаҳаҭым", игәаанагара ааирԥшит апрезидент ауаа амчрахь агәынмаӡара иаадырԥшуа азы, аха иажәа инациҵеит уи иаҿагыло "рыцҳарас иҟоу, амчра авторитет акаҳара иаҿуижьҭеи акыр ҵуеит". Абри алагьы, апрезидент ишьақәирӷәӷәеит, абга ахьҭам ала шҭамшуа.

Апалатеи атәыла ахадеи реиқәшәара иалахәыз азааҭгыеит, ҳтәылаҿы ацәгьоурақәа раанкылара шахәҭоу, аҵыхәтәантәи аамҭазы ауаҩшьрақәеи, аҭыԥҳа лцәа аԥҽреи реиԥш иҟоу хырҩа рызумкәа аҭҵаара шырҭахыу. Иҟоу акреминогентә ҭагылазаашьа азгәаҭо, Апалата алахәылацәа уаанӡа ицәырыргахьаз ажәалагала еиҭа амҩа арҭеит.

Дара ргәаангарала, Аԥсны Аҩыҵҟатәи аусқәа рминистрреи, Апрокуратура хадеи рҿы ауаажәларратә советқәа рыҟаҵара хра злоу акәны иҟоуп. Апрезидент ари ажәалагала дақәшаҳаҭхеит. Ус анакәха, ҳсоветқәа асоветқәа нарыцлоит.

Ацәгьоуҩы иаанкылареи, иахьырхәреи рхылаԥшра асоветқәа рнапы ианаҳҵозар, урҭ уи аҟара рымч ыҟазар, азинхьчаратә структурақәа зынӡа иаҳаркыргьы ауеит. Ауаатәыҩса рҭынчра ахьчара знапы иану аструктурақәа рымч мхо иҟазар, асоветқәа хәыда-ԥсада аус рулап, уи ала абиуџьетгьы аекономиа азаҳуп.

Иҳаздыруам, уажәы-уажәы апрезидент дызҭаауа Ауажәларратә Палата уажә идыргалаз арецепт зидикылаз, аха уи аамҭазы, аинтерент ҳәырԥсарраҿы Апалата аҟазаара ҵакыдоуп ҳәа иалацәажәоит. Апалатагьы заԥҵаз, ауаажәларратә хылаԥшратә функциақәа нанагӡаларц акәын.

Аха, уи аҭыԥан Апалата апрезидент иднагалоит, иҵакыдоу асоветқәа азинхьчаратә усҳәарҭақәа русура ахылаԥшра аҭаразы. Атәыла ахада, ари идеиа бзиоуп, садгылоит ҳәа аҳәамҭа иҟеиҵаз ҳаԥшны ҳхәыцуазар, дук хара имгакәа ҳара иаҳԥеиԥшуп асоветизациа. Амаҵаԥақәа рыкласс иатәу акәыбырқәа ҳариааираҳа, асоветқәагьы акреминогентә ҭагылазаашьагьы иаиааиуеит…

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит

Ажәабжьқәа зегьы
0