Аҳҭнықалақь амш азгәаҭахоит ԥхынгәы раԥхьатәи асабшазы

© SputnikАҟәа Ахадара Акультура аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Кәакәасқьыр
Аҟәа Ахадара Акультура аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Кәакәасқьыр - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа амш ареспубликаҿы иазгәарҭоит ԥхынгәымза раԥхьатәи асабшазы. Сынтәа иара ԥхынгәымза акы иақәшәеит.

АҞӘА, рашәара 29 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аҟәа амш иазку аныҳәатә уснагӡатәқәа мҩаԥгахоит еиуеиԥшым ақалақь аҭыԥқәа рҟны. Абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аинтервиу анеиҭоз иҳәеит Аҟәа Ахадара Акультура аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Кәакәасқьыр.

Аҳҭнықалақь Ахадара аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аилак ақалақь Амш азы аҳҭнықалақьуааи асасцәеи рзы аныҳәатә программа еиҿнакааит.

"Аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа ақалақь аҿы еиуеиҧшым аҭыԥқәа рҿы имҩаҧгахоит. Аныҳәатә уснагӡатәқәа рхы ркуеит Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҟны. Асааҭ 18:00 рзы Амҳаџьыраа Рыҧшаҳәа аҿы (адраматә театр аҿаҧхьа) Аҟәеи Ростов-на Дону рҟынтәи ақалақьтә командақәа рыбжьара абокс азы аматчтә еиндаҭлара мҩаҧгахоит. Изҭаху зегьы атурнир рхы аладырхәыр рылшоит", — иҳәоит Кәакәасқьыр.

Асааҭ 19:00 рзы Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭа аҿы афотоцәыргақәҵа “ConIFA- 2016” еиҿкаахоит, ҳәа ациҵоит иара.

"Аҳҭнықалақь Ахадара аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аилак аҟны аус руеит акреативра злоу аҿар. Сгәы иаанагоит абри амш аинтерес аҵаны имҩаԥысып ҳәа", — иҳәоит Кәакәасқьыр.

Аҟәа ақалақь амш азгәарҭеит. - Sputnik Аҧсны
Аҟәа 2500 шықәса ахыҵра иазкыз ахәылԥаз астадион аҟны идырбан

Анаҩс, ақалақь Амш азгәаҭара аихамҩатә аангыларҭа “Гәыма” ахь ииагахоит. Уа асааҭ 22:00 рзы аҧсуа естрада артистцәа рықәгылара мҩаҧгахоит.

"Аконцерт ахыркәшамҭазы уахь инеиуа, асааҭ 23:30 рзы, агәыԥ "Red Rocks" иазыӡырҩыр рылшоит. Уи ашьҭахь ади-джеи ирымидоит аныҳәатә гәалаҟазаара", — ҳәа азгәеиҭоит иара.

Уи адагьы Кәакәасқьыр иажәақәа рыла имҩаԥгахоит алазертә шоу.

"Ҳара Урыстәылантәи ҳколлегацәа ааҳаԥхьеит. Сгәы иаанагоит алазертә шоу зегьы иргәаԥхап ҳәа. Уаанӡа ҳара асеиԥш акгьы мҩаԥаҳамгацызт",  - иҳәоит Ҭемыр Кәакәасқьыр.

Аныҳәа рҽаладырхәуеит аҳҭнықалақь асасцәагьы.

Иара ишиҳәо ала Аҟәа 2500-шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәа аасҭа сынтәатәи маҷк иԥсыҽхар алшоит. Аԥаразоужьра мҩаԥнагоит ақалақь Ахадара.

"Аныҳәа амҩаԥгараз акомиссиа ахантәаҩы, ақалақь Ахада Адгәыр Ҳаразиа азҵаарақәа мҩаԥигон ишеиӷьу аныҳәа мҩаԥысырц азы. Дасу ажәалагалақәа ҟаиҵон. Акы ацрҵон, акы агдырхон. Рыхшыҩ еилаҵаны иаздырхиаз акоуп ижәбараны иҟоу апрограмма", — ҳәа дцәажәоит Кәакәасқьыр.

Ақалақь Ахада иҳадиҵеит аныҳәа зегьы ргәышьҭыхра алшартә еиԥш аиҿкаараз. Ауаа раҳҭнықалақь адунеи аҳҭнықалақьқәа иреиӷьны ирбозароуп ҳәа далацәажәоит иара.

Аҟәа амш шьаҭаркын 2016 шықәса ажьырныҳәамзазы. Есышықәса иара азгәаҭахоит ԥхынгәы раԥхьатәи асабшаз. Сынтәа аныҳәа азгәаҭахоит ԥхынгәы акы азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0