Гарцкиа: акурорттә сезон уажәоуп ианалага

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсшьаҩцәа
Аԥсшьаҩцәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Акурортқәеи атуризми рзы аминистр Авҭандил Гарцкиа Sputnik иазеиҭеиҳәеит атуристтә сезон аԥеиԥшқәа ртәы.

АҞӘА, рашәара 29 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Акурортқәеи атуризми рзы аминистр Авҭандил Гарцкиа Sputnik иазеиҭеиҳәеит атуристтә сезон аԥеиԥшқәа ртәы. Иара иажәақәа рыла асезон уажәоуп ахы анакыз.

"Атуризм анырра анаҭоит аҳауатә ҭагылазаашьа. Аԥсныҟа еиҳарак ауаа заауа амшын иҭаларц ауп. Сынтәа рашәара акыр ихьшәашәоуп, амшынгьы макьана иԥхоуп узҳәом", — иҳәеит иара.

Уажәы аҳауа шьақәгылеит, иԥхаррахеит. Аԥсшьаҩцәагьы рхыԥхьаӡара иаагәоуҭартә еиԥш иазҳаит, иҳәеит аминистр.

"Уи адагьы аҵакы дуны иамоуп атәылаз аинформациа", ҳәа азгәеиҭоит Гарцкиа. 

Риҵатәи ареликттә ҳәырԥсарра дахцәажәо Гарцкиа иазгәеиҭеит 2016 шықәса иаҿырԥшны аиҵахарақәа шыҟоу.

"Ҵыԥхтәи ашықәс иаҿурԥшуазар 35 нызқьҩык рыла еиҵоуп (124 нызқь — 89 нызқь). Уи адагьы Шәачатәи акурортқәа макьаназ иҭәӡам. Уахьынтәи ауп атуристцәа реиҳараҩык ахьаҳзаауа", — иҳәеит иара.

Гарцкиа иазгәеиҭеит, атуристцәа рзы аинтерес шаҵоу атәыла ахаҭа, уа инхо ауаа, аҭагылазаашьа, ашәарҭадара.

Аминистр дазааҭгылеит ААИ (ГАИ) аусзуҩцәа аҳәаанырцәтәи аномерқәа змоу амашьынақәа раанкылара азин рымхра азҵаарагьы.

Иара иажәақәа рыла аҵыхәтәантәи аамҭаз иахьахәҭам аҭыԥ аҟны атуристцәа рмашьынакгьы аанырымкылацт ҳәа. Уигьы ҳәарада атуризм аусхк аҿиаразы хра аманы иҟоуп, ҳәа азиԥхьаӡоит аминистр.

Ажәабжьқәа зегьы
0