АҞӘА, рашәара 29– Sputnik. Рашәара 28 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Алада Уаҧстәыла Жәлар рышәҟәыҩҩы, аҵарауаҩ ду, ауаажәларратә усзуҩы, "Ахьӡ-аҧша" аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Нафи Џьусоиты иҧсҭазаара иалҵра инамаданы Алада Уаҧстәылатәи Ареспублика Ахада Анатоли Бибилов дидышшылеит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла Ахада иофициалтә саит.
"Гәалсрыла сшәыдышшылоит Алада Уаҧстәыла Жәлар рышәҟәыҩҩы, аҵарауаҩ ду, ауаажәларратә усзуҩы, "Ахьӡ-аҧша" аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу, Нафи Григори-иҧа Џьусоиты иҧсҭазаара иалҵра инамаданы", —ҳәа аҳәоит адышшылара атекст аҟны.
Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит аԥсуа-уаԥс еизыҟазаашьақәа рыҿиараҿы Нафи Џьусоиты илагала.
"Нафи Џьусоиты илагаламҭа дууп аҧсуа-ауаҧстә культуратә еизыҟазаашьақәеи рҵарадырратә еимадарақәеи рырҿиараҿы. Иара ауаҧс бызшәахь еиҭеигеит Аҧсны жәлар рпоет Д.И.Гәлиа иҩымҭақәа реизга “Сара схәышҭаара”. Иара СССР жәлар рдепутатс даныҟаз, ҧасатәи автономтә еиҿкаарақәа рзинтә статус иазкыз апарламенттә гәыҧ далан, ҳуаажәларратә политикатә ҧхьагыла Владислав Арӡынбеи иареи еидгыланы ажәлар маҷқәа рзинқәа реиҭашьақәыргылара иазықәҧон. Аҵарауаҩ, ауаажәларратә усзуҩы Нафи Џьусоиты ихьӡ лаша ахааназы ргәалашәараҿы иаанхоит уи дыздыруаз арҿиаҩцәа, ҩызара изызуаз зегьы", — ҳәа иҩуеит Ҳаџьымба.
Нафи Џьусоиты иҭынхеит 400 инареиҳаны наукатә рҿиамҭа, урҭ рҟынтәи 12 монографиа. Иара еиҭагамҭоуп А.С. Пушкин жәеинраалала иҩу ироман "Евгений Онегин". Џьусоиты ишәҟәқәа еиҭаргахьан аурыс, ақырҭуа, аукраин, аполиак, аҟазах бызшәақәа рахь.