"Амцахара" аизара ду иалахәыз аделегатцәа арезолиуциа рыдыркылеит

© Sputnik Роберт ДжопуаАреспубликатә политикатә партиа "Амцахара" аизара ду
Ареспубликатә политикатә партиа Амцахара аизара ду - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареспубликатә политикатә партиа "Амцахара" аизара ду мҩаԥысит Аҟәа, рашәара 29 рзы.

АҞӘА, рашәара 30 — Sputnik, Роберт Џьопуа. Ареспубликатә политикатә партиа "Амцахара" аизара ду мҩаԥысит Аҟәа, рашәарамза 29 рзы. Ареспубликатә партиа аизара ду алахәылацәа иазырыԥхьаӡоит Аԥсны анапхгара ацәгьоура аҿагылара аҽазышәара арҭароуп ишақәнагоу еиԥш ҳәа. Аделегатцәа алацәажәеит ареспубликаҿы иҟоу асоциал-економикатә ҭагылазаашьеи акриминогентә ҭагылазаашьеи.

Апартиа аполитсовет алахәыла Алхас Ҷолокәуа дзыԥхьаз арезолиуциаҟны адҵа ҟаҵоуп атәыла мрагыларатәи ахәҭаҿы ауааԥсыра паспортла реиқәыршәара азҵаара азыхынҳәреи уаанӡа ирыдыркылахьаз "Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны аҳәаанырцә атәылауаа рзинтә ҭагылазаашьазы" Азакәан аиҭахәаԥшреи рымҩаԥгаразы.

Аизара ду аделегатцәа Апарламент ахь ааԥхьара ҟарҵеит 2016 шықәса ԥхынҷкәын 19 рзы Аконституциатә ӡбарҭази Ацентртә алхратә комиссиази ирыдкылаз аиқәшаҳаҭра анагӡара дмыргәагәарц.

"Хәымш рыҩныҵҟа арҭ азҵаарақәа рҭыԥ иқәымҵахар, аиқәшаҳаҭра ганкахьала алҵра азин ҳаманы иаҳшьоит", — ҳәа арбоуп арезолиуциаҟны.

Аизараҟны иқәгылеит: апартиа "Амцахара" ахантәаҩы Алхас Кәыҵниа, апартиа "Иаку Аԥсны" ахада Сергеи Шамба, афонд "Аԥра" ахада Аслан Бжьания, Аԥсны уаанӡатәи Ахада Александр Анқәаб, аинрал-маиор Рауль Лолуа, ауаажәларратә еиҿкаара "Кьаразаа" аиҳабы Дмитри Дбар. Урҭ зегьы ааԥхбара ҟарҵеит иҟоу аҭагылазаашьа ишалшо ала аҭыԥ иқәҵахарц азы.

"Зегьы аҭакԥхықәра ҳаҵагылоуп. Аԥсны еиқәырхатәуп. Ари аибашьраантәи ҳԥышәара аасҭа еиҵаны иҟоу акакәым. Сара атәылаҟны иҟоу аполитикатә мчрақәа зегь рахь ааԥхьара ҟасҵоит ҳаимакқәа аганахь иааныжьны аусеицурахь ҳаиасырцаз. Аполитикатә еиҿагылара ҳзазымиааикәа ҳҳәынҭқарра ҳарӡыр, ԥхьаҟатәи абиԥарақәа уи ҳанарыжьраны иҟаӡам", — ҳәа азгәеиҭеит апартиа "Иаку Аԥсны" аиҳабы Сергеи Шамба.

Ареспублика уаанӡатәи Ахада Александр Анқәаб иҳәеит Аԥсны аоппозициатә мчрақәа 2019 шықәсазы имҩаԥысраны иҟоу алхрақәа рҽырзыҟарҵаларц, иазгәеиҭеит Аԥсны ауааԥсыра аԥышәара ҿыцқәа рҭахны ишыҟам. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит аполитикатә процессқәа рымҩаԥсраан аҭакԥхықәра ду шрымоу аветерантә еиҿкаарақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0